TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #21153 14
Едгар Абыхәба 12 шықәса рҟынӡа аҭакра иқәшәар алшоит аԥсшьаҩы лышьразы ҳәа иҳәеит Апрокуратура хада аӡбаратә усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба.

Арадио Sputnik аефир аҿы иара иҳәеит ашьауӷа арӷәӷәара шалшо аусҭҵаара еицәазтәуа аҭагылазаашьақәа аарԥшхар, ацәгьоура аквалификациа ԥсаххар.

Ашьауӷақәҵара адкылараан аӡбарҭа азхәыцуеит зус рыӡбо ихаҭара, ацәгьоура амҩаԥгашьа, аҟазшьа, ауаажәларратә резонанс, ааха зауз аган рҭагылазаашьа уҳәа еиуеиԥшым афакторқәа.

"Ҳәара аҭахума, агәызҩара ззыҟоу иҟазшьеи ихаҭареи ҳасаб рзуны, ахьырхәра ӷәӷәа адкылара ҳаҳәалоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Убри аан, 12 шықәса аҭакра изыԥҵәахар, Абыхәба азакәанԥҵара инақәыршәаны 8 шықәса ракәхоит ихиго.

Даур Амҷба иазгәеиҭеит ихацырку ашьаус ахәҭаҷ ишазԥхьагәанамҭо ԥсраҽнынӡа аҭакра ма ашьра. Аквалификациа аԥсахразы ауаҩшьра зыруадаҩуа аҷыдарақәа ԥшаатәуп.

Урҭ ԥшааны ашьразы аӡбамҭа рыдыркылар, Аԥсны ашьразы аморатори алагалоуп аҟнытә, ашьра ԥсраҽнынӡа аҭакра ала ирыԥсахуеит.

🖇 26 шықәса зхыҵуа урыстәылауаҩ Амина Бикбова дыршьит Гагра араион аҿы. Агәызҩара ззыҟоу Едгар Абыхәба иҿахәы аниҿырхуаз ацәгьоура шыҟаиҵаз иҳәеит.

Уаанӡа, 2021 шықәсазы, иара ахара идҵан урыстәылауаҩ лцәа ԥиҽит, дирҳәит, лгәабзиара ааха ӷәӷәа аиҭеит ҳәа, уи азы 9 шықәса иқәҵан.

#social
  • 😡 1
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 1, 2026Урыстәыла Донбасс иаанхаз ахәҭа акырӡа заа ахы иақәиҭнатәуеит, шықәсыки бжаки-ҩышықәсеи ры…
  2. Oct 1, 2026Аҟәа Диоскураа рыԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара апроект аԥызҵоз архитекторцәа рыгәҭакы уажәнатә…
  3. Oct 1, 2026Урыстәыла амакроекономикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин.…
  4. Oct 1, 2026Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны АҩАР ахада Роберт Кьиут ажәахә ҟаиҵеит Москва, Урыстәыла Аҩ…
  5. Oct 1, 2026Афильм "Иҷыдоу апациент" аҟны аԥсуа ԥҳәызба ароль хада налыгӡар сҭахуп ҳәа арежиссиор исыд…
  6. Oct 1, 2026Уарча ақыҭан афымцалашара аиԥҟьарақәа афымцацәаҳәа аԥхасҭахара иахҟьеит ҳәа Sputnik иазеиҭ…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →