Уарча ақыҭан афымцалашара аиԥҟьарақәа афымцацәаҳәа аԥхасҭахара иахҟьеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" гәылрыԥшьтәи афилиал адиректор Беслан Занҭариа.
Иара иҳәеит ауадаҩрақәа уахыки-ҽнаки раҟара раԥхьа ишцәырҵыз. Иԥхасҭахаз ацәаҳәа еиҭашьақәыргылоуп, аха ацәаҳәаҿы иҵагьы иԥхасҭахаз ааԥшит.
Аремонттә бригада аиԥҟьарақәа раԥыхра иаҿуп. Афымцалашара анашьҭра ргәы иҭоуп ҩ-сааҭк рыҩнуҵҟа.
Post #21156
40