Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны АҩАР ахада Роберт Кьиут ажәахә ҟаиҵеит Москва, Урыстәыла АҩАР еиҿнакааз аекстремизм аларҵәара аҿагыларазы жәларбжьаратәи аконференциаҟны.
Аусмҩаԥгатә есышықәса имҩаԥысуеит, еизнагоит ИАР атәылақәа, Азиа, Африка рҟынтәи ахаҭарнакцәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи аструктурақәеи русзуҩцәа, апрофильтә усбарҭақәа рекспертцәа ҳәа рҳәеит Аԥсны АҩАР аҿы.
"Сгәаанагарала Аԥсны Аҳәынҭқарразы акырӡа аҵанакуеит аекстремизми, атерроризми, иахьа ԥхьаҟа ицо жәларбжьаратәи ацәгьоуреи рҿагыларазы апроектқәа назыгӡо егьырҭ атәылақәеи дареи рԥышәа реимдара", — ҳәа азгәеиҭеит Кьиут.
#social
Post #21158
26