TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #21155 28
Abkhazia Rally аҿы аиԥхныҩларақәа 402 метра рыбжьоуп.

Адрег-реисинг азы аицлабрақәа мҩаԥгахоит жьҭаара 4 рзы Очамчыра араион. Аиԥхныҩларақәа рахь инарышьҭуеит 300 ҽымч змоу 30 рҟынӡа машьына.

Алахәылацәа еицлаблоит х-класск рҿы — 300+, 400+, 500+.

Аквалификациатә лыԥшаара ашьҭахь атурниртә каҭа ала ихадоу аиԥхныҩларақәа, афиналбжақәа, афиналқәа мҩаԥгахоит. Классцыԥхьаӡа аԥхьахәтә ҭыԥқәа хԥа-хԥа алырхуеит.

Ахәаԥшцәа рзы иаздырхиеит ҩыџьа-ҩыџьалатәи аиԥхныҩларақәа, аретроавтомашьынақәа рцәыргақәҵа, аџьырмыкьа, амотоклуб "Абрек" алахәхара. Апрограмма хада мҩаԥгахоит асааҭ 12:00 инаркны 18:00 рҟынӡа.

Аусмҩаԥгатә еиҿкаахоит амҩаду Ԥсоу — Егры ахәҭаҿы Маркәыла ақыҭахь ахаҵәирҭа инаркны Тҟәарчалҟа ахаҵәирҭа аҟынӡа.

🖇 Abkhazia Rally — апилоттә автомобилтә спорттә усмҩаԥгатәуп, аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҿы аиааира згаз проектуп.

Уи 1992–1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира Амш иазкуп.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 1, 2026Урыстәыла Донбасс иаанхаз ахәҭа акырӡа заа ахы иақәиҭнатәуеит, шықәсыки бжаки-ҩышықәсеи ры…
  2. Oct 1, 2026Аҟәа Диоскураа рыԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара апроект аԥызҵоз архитекторцәа рыгәҭакы уажәнатә…
  3. Oct 1, 2026Урыстәыла амакроекономикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин.…
  4. Oct 1, 2026Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны АҩАР ахада Роберт Кьиут ажәахә ҟаиҵеит Москва, Урыстәыла Аҩ…
  5. Oct 1, 2026Афильм "Иҷыдоу апациент" аҟны аԥсуа ԥҳәызба ароль хада налыгӡар сҭахуп ҳәа арежиссиор исыд…
  6. Oct 1, 2026Уарча ақыҭан афымцалашара аиԥҟьарақәа афымцацәаҳәа аԥхасҭахара иахҟьеит ҳәа Sputnik иазеиҭ…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →