TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 589 subscribers
Post #21031 36
Аԥсны аԥсшьара иааз лышьра аус аадрыԥшит Гагра араион аҿы ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Хаха-хымш зыхабар ыҟамыз, 26 шықәса зхыҵуа урыстәылауаҩ Амина Бикбова дыӡит ҳәа рҳәеит лыуацәа.

Азинхьчацәа ишьақәдыргылеит аԥҳәызба дзыҿцәажәоз. Агәҩара изцәырнагеит аамҭала Гагра инхо, 25 шықәса зхыҵуаз Едгар Абыхәба, уи дицны Бикбова цәыббра 23 рзы таксила идырмыз ахырхарҭала ицеит.

Абыхәба иҿахәы аниҿырхуаз ауаҩшьразы иҿы иқәшаҳаҭхеит.

Иара иҳәеит, Ԥсахара қьыралатәи анхарҭаҿы Амина Бикбовеи иареи аимак шрыбжьалаз, уи инахыкны дшихәаҽыз атәы. Уи ашьҭахь ашьҭақәа иҵәахырц даҿын — иидыруаз амашьына имихит, аԥсыбаҩ Бзыԥтәи аиҩхаахь иганы аӡы иаиҭарц азы.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишазгәарҭаз ала, Абыхәба игәы иҭеикыз имч ақәымхеит, ақәыршә илаҳәаз аԥсыбаҩ амҩа азааигәара ачықьқәа рҿы иаанижьит. Амина Бикбова лтелефони лымаҭәақәеи Едгар Абыхәба икаижьит.

Аусҭҵаара иацҵахоит.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Sep 29, 2026Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аиааира амш аламҭалазы жәлар рныҳәа "Мықәашҭа" даҭааит. Атәыла ах…
  2. Sep 29, 2026Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәара аҳаҭыраз амҵәышәмпыл азы Жәларбжьаратәи афе…
  3. Sep 29, 2026Урыстәылатәи аԥсшьаҩы дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟоу Едгар Абыхәба ҩымз ҳәа дҭакуп. Абри атәы…
  4. Sep 29, 2026Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҳаҭыр азы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа Аԥсны араионқәа рҿы имҩаԥгахои…
  5. Sep 29, 2026Аԥсуа ҩқәа рцәыргақәҵа мҩаԥган жәлар рныҳәа "Мықәашҭа" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Мықә ақыҭан имҩ…
  6. Sep 29, 2026Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апублицист Даур Занҭариа изку асахьаркыратә фильм "Мириада" аҭыхрақәа ирыл…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →