TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 589 subscribers
Post #21128 34
Аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа зеиԥш ҟамлац аҭоурыхтә ҩаӡараҿ иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.

Урыстәылатәи иколлега Сергеи Лаврови иареи реиԥылараан, Барцыц иазгәеиҭеит ҩышықәса ирылагӡан Бадра Гәынбеи Владимир Путини реиԥыларақәа хԥеи, Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрра ахадацәа реиԥыларақәа хԥеи шымҩаԥысхьо атәы.

"Уи, ҳәарада, зымҽхак ҭбаау, даара хра злоу ҳусеицура анырра анаҭоит", — иҳәеит иара.

Ҩ-ганктәи аусеицура ахырхарҭақәа зегьы Аԥсны жәлар рзы акырӡа аҵанакуеит. Барцыц хазы иаликааит аекономикатә еинырра, аинфраструктуратә проектқәа рынагӡара. Зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау иреиуоуп ареспубликеи Урыстәыла арегионқәеи рыбжьара аҳаиреимадара абжьаҵара. Уи иабзоураны лаҵарамза 1 инаркны Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза 200 нызқьҩык иреиҳаны апассаџьырцәа рымаҵ аухьеит.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 2, 2026Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла Москва имҩаԥнагараны иҟоу агастрольқәа рҳәаақәа иҭагӡаны…
  2. Oct 2, 2026Аԥснытәи аҳәынҭқаратә университет аҟны адиаспора ахаҭарнакцәа арҵараратә программақәа рыҽр…
  3. Oct 2, 2026Аԥсны Аcоцеиқәыршәара аминистрра аделегациеи урыстәылатәи рколлегацәеи дареи Москва реиԥыл…
  4. Oct 2, 2026🤩 ГАГРА ҭагалантәи ашәахәа хаа ақәыҷҷа Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа, Иҿыпуеит иччо. Ихьшәа…
  5. Oct 2, 2026Сара рҵаҩык иаҳасабала хықәкыс исымоу — аҵаҩы смаҭәар иҵарц ауп иҳәеит Ефрем Ешба ихьӡ зху…
  6. Oct 2, 2026Урыстәыла аҳәаанырцә аҳәаақәа арҭбаараҿы Россотрудничество ароль ду нанагӡоит ҳәа азгәеиҭе…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →