TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 590 subscribers
Post #21110 28
"Аԥсны, уаасацәажәа" ашәеи аклипи раԥҵара Аԥсадгьыл абзиабара иахылҿиааит ҳәа уи аӡыргараҟны иҳәеит ашәаҳәаҩ Армен Хачатуриан.

Акомпозициа Хачатуриан ҳамҭас ииҭеит ашәа автор Александр Оганиан. Хачатуриан иаразнак Альдона Цкәуа адемо-версиа ҳәа изышьҭоу дазирӡырҩит, усҟан лара дагьамхаҵәыуеит.

Аоператә шәаҳәаҩы ахәаԥшцәа ирзеиҭалҳәеит, лара лажәақәа рыла, акинематографиатә ҭоурыхны иҟалаз аклип аҭыхрақәа ртәы.

"Ҳаԥсынтәыла аарԥшуп уи атрадициақәа, акультура, ауаа, аԥсабара рыла. Асимволрагьы аҵоуп, аҭыԥ ҷыда ҳхәыҷқәа иахьрыҭоу, избанзар ахәыҷқәа ҳкультура, ҳдоуҳатә мазара змаҳдо роуп",
— лҳәеит лара.

🖇 Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш иазкны амузыкатә клип "Аԥсны, уаасацәажәа" ӡырыргеит ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны. Аклип аԥҵараҿы партниор хадас иқәгылеит апродиусертә центр "Интеграциа".
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 2, 2026Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла Москва имҩаԥнагараны иҟоу агастрольқәа рҳәаақәа иҭагӡаны…
  2. Oct 2, 2026Аԥснытәи аҳәынҭқаратә университет аҟны адиаспора ахаҭарнакцәа арҵараратә программақәа рыҽр…
  3. Oct 2, 2026Аԥсны Аcоцеиқәыршәара аминистрра аделегациеи урыстәылатәи рколлегацәеи дареи Москва реиԥыл…
  4. Oct 2, 2026🤩 ГАГРА ҭагалантәи ашәахәа хаа ақәыҷҷа Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа, Иҿыпуеит иччо. Ихьшәа…
  5. Oct 2, 2026Сара рҵаҩык иаҳасабала хықәкыс исымоу — аҵаҩы смаҭәар иҵарц ауп иҳәеит Ефрем Ешба ихьӡ зху…
  6. Oct 2, 2026Урыстәыла аҳәаанырцә аҳәаақәа арҭбаараҿы Россотрудничество ароль ду нанагӡоит ҳәа азгәеиҭе…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →