Ҽаанбзиала шәнеиааит, акыр иаԥсоу аветеранцәа! Нагӡара ақәзааит иаҳзышәхьчаз ҳаԥсадгьыл!
Ԥсра рықәым зшьам зхы ақәызҵаз аҵеицәа! Ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит ари амш ҵабыргхартә иҟазҵаз зегьы, ҳаԥсеиқәырхаҩ-ҳԥыза Владислав Арӡынба аԥхьа днаргыланы!
Анцәа ҳазшаз уаҳа еибашьра алакҭа иҭамырԥшааит ҳажәлар. Адунеи аҿы бзиарас иҟоу аԥсуаа рзы иҭаршәны ишԥаҵәахыз рҳәо иҟалааит! Аизҳазыӷьара, аҿиара, аҭышәынтәалара иртәызааит Аԥсны, ажәлар ԥшӡаны, рҳәоу еиқәшәаны, гәырҩада иччо-ихәмаруа инхаларц. Шьардаамҭа!🗡
Ҳиааира афырхацәа ҳрызгәдууп ҳара,
Ҳҭынчра афырхацәагь ҳаргароуп хара.
Вахтанг Аԥҳазоу
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа