Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Пицунда ахада инапынҵақәа назыгӡо Анри Багаҭелиеи ақалақь Бор ахада Алексеи Боровскии.
"Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп Урыстәылатәи Афедерациа ихадоу акультуратәи, ааглыхратәи, аҵаратәи центрны иҟоу шәықалақьи ҳареи ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара", — ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа.
Аганқәа апартниорра арҵаулара алшарақәа ирыхәаԥшит, аспорттә еимадарақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит, избанзар Пицундантәи аспортсменцәа иааиԥмырҟьаӡакәа иаауеит, қәҿиарала Бор имҩаԥырго аицлабрақәа ирылахәуп.
Боровски иара убас Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи рныҳәа рыдиныҳәалеит.
🖇️ Пицундеи Бори — 2021 шықәса раахыс аиашьара зыбжьаҵоу қалақьқәоуп.
Post #21111
33

- ❤ 1