Никарагуа аицхадацәа Даниель Ортегеи Росарио Мурильои Бадра Гәынба Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш идырныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Ареволиуциатә гәырӷьара ҳаманы, иахьа иаҳгәалаҳаршәоит ари аҭоурыхтә рыцхә, аԥсуа жәлар риааиреи рхатәҳәаақәҵаразы хацәынмырха рықәԥареи аазырԥшуа", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Ортегеи Мурильои ԥхьаҟагьы атәылақәа русеицура арӷәӷәара азҿлымҳара азгәарҭеит, Аԥсны жәлар рахь азеиӷьашьара ԥхақәа аадырԥшит.
Post #21112
31
- 👍 1