Амаининг-аппаратқәа ааба Очамчыра ирымырхит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҳәынҭқарра аҳазалхратә еилакы.
Амаругақәа Гәыԥтәи амҩаду аҿы игылоу аҩны аҩбатәи аихагылаҿы уаҩ дахьнымхо ауадаҟны иқәыргылан. Апаратқәа ааба афымцаҳа иаҿакын.
Урҭ атәылауаҩ Қәычбериа Н. С. итәуп. Урҭ рымырхит, аус аматериалқәа Аԥсны аҳазалхратә еилакы аусеилыргареи аҳазылхратә ҭҵаарақәеи рыҟәшахьы инарышьҭит.
🖇 Аԥсны амаининг азин ыҟам аинфраструктура акыр шықәса ахыҵреи афымцамч азымхареи ирыхҟьаны. Аминистрцәа реилазаара иааиԥмырҟьаӡакәа амаругақәа ралагалареи рхархәареи рзы азин аҟамҵара иацнаҵоит, аҵыхәтәан — 2026 шықәса нҵәаанӡа инагоуп.
Post #21346
12
