TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21344 23
"Аԥсны акоманда" абаҩхатәра злоу анапхгаҩцәа раарԥшра адагьы, атәылазы ихәарҭоу аидеиақәа рынагӡаразы илшароуп иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.

Аицлабра аҩбатәи асезон аркраан дықәгыло атәыла ахада иазгәеиҭеит, актәи асезон аихшьаалақәа апроект хра аманы ишыҟоу шаадырԥшыз.

"Агәра ганы сыҟоуп шәаргьы ишшәымоу ҳтәылазы ихәарҭахаша аидеиақәа, апроектқәа. Наҟ-наҟ аус ахьыжәулозаалакгьы — зехьынџьара ихадароу шәдыррақәеи, шәымчхареи, шәаԥшьгареи ҳҳәынҭқарра аҿиара иазырхазароуп", — иҳәеит ахада.

Гәынба дазааҭгылеит аицлабра алҵшәақәа ирыхьмырԥшыкәа Аԥсны анапхгара афиналистцәеи аиааира згази рыбжьара аҭакзыԥхықәу аҳәынҭқарратә маҵурақәа рахь инашьҭхо ауаа ралыԥшаара ишалаго.

"Аԥсны акоманда", ари аицлабра алахәылацәа рымацара ракәӡам, уи зыԥсадгьыл зыхьчо, абаҩхатәра злоу ҳҿар роуп. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа роуп, есҽны зџьабаала ҳтәылауаа рыԥсҭазаара еиӷьызтәуа аҵареи, агәабзиарахьчареи, егьырҭ аусхкқәеи рсистема аусзуҩцәеи ахаҭарнакцәеи роуп", — иҳәеит ахада.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 9, 2026Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Аҟәа ҳамҭас иаиҭаз ароиаль аӡынразы Аџ…
  2. Oct 9, 2026Очамчыра араион аҿы арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит. Жьҭаара 13-15 рзы араион аҿы имҩаԥырг…
  3. Oct 9, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархә…
  4. Oct 9, 2026"Апоезиаҵәҟа х-елементк рыла ишьақәгылазар ауп, сахьахәаԥшуа: Анцәа иҟынтә, ауаҩы иҟынтәи,…
  5. Oct 9, 2026"Ари амшгьы цеит ашьшьыҳәа, Имҳәа-мырӡакәа рацәак. Инеихызгеит саргьы "акы" ҳәа, Сыҿҳәара…
  6. Oct 8, 2026V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи аҵаратә цәыргақәҵа мҩаԥгахоит Аҟәа, жьҭаара 14-16 рзы…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →