Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш иазкны аныҳәатә концерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿы.
Аусмҩаԥгатә иаҭааит Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба, Нижни Новгород ақалақь ахада Иури Шалабаев, Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа, ареспублика аиҳабыра ахаҭарнакцәа, адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра.
Ахәылԥаз алагамҭазы идырбан иахьатәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба дызлахәыз архивтә кадрқәа.
Хыԥхьаӡара рацәала ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит аибашьра ашықәсқәа раан ииз апатриоттә ашәақәа назыгӡаз аԥсуа естрада артистцәа. Иара убасгьы аекран аҿы иддырбон арратә хроника акадрқәа.
🖇 Иахьа Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. 33 шықәса раԥхьа аԥсуа ар реибашьцәа ареспублика аҵакыра зегьы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәит, Егрытәи ацҳаҿы ареспублика аҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит.
Post #21113
30