TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 590 subscribers
Post #21061 40
Аԥсны ихәыда-ԥсадоу амедицина аиқәыршәаразы шықәсык аҩнуҵҟа 5 млрд мааҭ рҟынӡа аҭаххар ҟалоит.

Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Оҭырба.

Иара иажәақәа рыла, иахьа аҳәынҭқарра ауааԥсыра рыхәышәтәразы аԥара рацәа азынанашьҭуеит:

️ ️▪️200-250 млн мааҭ – ареспублика анҭыҵ ахәшәтәразы;

️ ️ ▪️120 -130 млн рҟынӡа – ахимиотерапиа азы;
️ ️ 60 млн рҟынӡа – агемодиализ азы.

Ус шакәугьы аԥара азхом, апрограммақәа рырҭбаара хымԥадатәиуп. Апациентцәа астационарқәа рҿы хәшәыла реиқәыршәарагьы иара убас инагӡаны ҳалацәажәозар изалыршахаӡом.

"Арҭ апациентцәа инагӡаны хәшәыла реиқәыршәара азҵаара, хәыда-ԥсадатәи амедицина амодель ҳрылацәажәозар, зегьы иреиҵаӡоу ҳаԥхьаӡарақәа рыла 5 млрд рҟынӡа аԥара аҭахуп", — азгәеиҭеит иара.

Оҭырба игәаанагарала, иахьатәи аҭагылазаашьақәа рыла, зынӡа ихәыда-ԥсадоу амедицина аиқәыршәара залыршахом.
Telegram Sputnik Абхазия До 5 млрд рублей в год может потребоваться на обеспечение бесплатной медицины в Абхазии. Об этом в эфире радио Sputnik рассказал замминистра здравоохранения Абхазии Олег Отырба. По его словам, сегодня государство направляет значительные средства на лечение…
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 6, 2026Апансионат "Ауадҳара" сынтәа иаднакылеит 2200-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Абри атәы арадио Sputn…
  2. Oct 6, 20262026 шықәса жәымз рыҩнуҵҟа Аԥсны абиуџьет ахь ашәахтә лагалақәа 5,8 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡе…
  3. Oct 6, 2026Барнаулнтәи Аҟәаҟа раԥхьатәи ишиашоу иаауа аҳаирплан аԥырразы еиқәдыршәеит аҳазалхыҩцәа. И…
  4. Oct 6, 2026Аԥсны аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩныҵҟа ауааԥсыра ԥсабарала реизҳара шыҟоу убоит ҳәа лҳәеит а…
  5. Oct 6, 2026Адемографиатә шәарҭадара азҵаара аҽазыҟаҵаразы астатистика цқьа аҭахуп ҳәа азгәеиҭеит адеп…
  6. Oct 6, 2026Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ажәалагала ҟанаҵеит "Аԥсны аҳәынҭқарра адемографиатә шәа…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →