TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 590 subscribers
Post #17418 63
Уфантәи раԥхьатәи ареис Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿ итәеит.

Апассаџьырцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан Башкортосҭан адәныҟаекономикатә еимадарақәеи аконгресстә усуреи рминистр Маргарита Болычевеи Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәбеи.

Аилахәыра "Руслаин " иааиԥмырҟьаӡакәа аԥыррақәа нанагӡалоит. 50 ҭыԥ змоу аҳаирплан Bombardier CRJ100/200 мчыбжьык ахь знык, лаҵара 6 инаркны жьҭаара 15 рҟынӡа апассаџьырцәа мҩаԥнагалоит. Аԥснытәи аҳҭнықалақь аҟынтәи башкириатәи аҳҭнықалақь ахь иԥырлоит хашала, уахьынтәи арахь — ԥшьашала.

🖇 Аԥсни Урыстәыла ақалақьқәеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа аҳаиреимадара хацыркын лаҵарамза 1, 2025 шықәсазы, уи аахыс 120 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа мҩанган.

Аҳаирпланқәа ԥыруеит Москва, Нижни Новгород, Ханты-Мансииск, Санкт-Петербург, уажәы Уфа – рҟынтәи. Аус рыдырулоит ахырхарҭа ҿыцқәа: Псков, Самара, Казань, Оренбург, Екатеринбург, Тиумень, Пермь.


авидео © аҟәатәи аҳаирбаӷәаза
  • ❤ 1
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 2, 2026Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла Москва имҩаԥнагараны иҟоу агастрольқәа рҳәаақәа иҭагӡаны…
  2. Oct 2, 2026Аԥснытәи аҳәынҭқаратә университет аҟны адиаспора ахаҭарнакцәа арҵараратә программақәа рыҽр…
  3. Oct 2, 2026Аԥсны Аcоцеиқәыршәара аминистрра аделегациеи урыстәылатәи рколлегацәеи дареи Москва реиԥыл…
  4. Oct 2, 2026🤩 ГАГРА ҭагалантәи ашәахәа хаа ақәыҷҷа Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа, Иҿыпуеит иччо. Ихьшәа…
  5. Oct 2, 2026Сара рҵаҩык иаҳасабала хықәкыс исымоу — аҵаҩы смаҭәар иҵарц ауп иҳәеит Ефрем Ешба ихьӡ зху…
  6. Oct 2, 2026Урыстәыла аҳәаанырцә аҳәаақәа арҭбаараҿы Россотрудничество ароль ду нанагӡоит ҳәа азгәеиҭе…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →