TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #11681 61
Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсарра аҵакыраҟны адомбеиқәа рааӡара иалагеит.

Аԥснытәи абнақәа ирылаз ашәарах хкқәа реиҭарҿиаразы апроект хацыркуп ареспубликаҟны.

Аекологиазы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, апроект нагӡахоит Урыстәыла аекологиеи аԥсабареи рминистрреи дареи русеицура иабзоураны. Амҩатә хсаала шьақәырӷәӷәоуп, ҳазҭоу ашықәс анҵәамҭанӡа Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсарра аҵакырахь иааргоит даҽа ҩба-хԥа хкы иҳәеит иара Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу анеиҭоз.

Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит аҳәырԥсарра аҵакыраҟны ашәарыцара шыҟамло.

🖇 Шықәсқәак раԥхьа Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариа иӡбеит Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсарра аҵакыраҟны ианыӡааз ашәарах реиҭарҿиара. Ростовтәии Кавказтәи аҳәырԥсаррақәа рҟынтәи абынҽацәқәа ааганы ианиҵеит.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 12, 2026Аҟәа аҿиареи аиқәыршәареи иазырхоу анаҩстәи аинырра ахырхарҭақәеи алшарақәеи ирызку апроек…
  2. Oct 12, 2026Москва еиԥш иҟоу акультуратә центр ду аҟны ацәыргақәҵа анымҩаԥуго зыбла даара иҵару ауаа ш…
  3. Oct 12, 2026Алиса Гыцԥҳа V леицлабра-лабораториа "Амузыка — ҳәаа змам аиҿцәажәара" афинал мҩаԥгахоит У…
  4. Oct 12, 2026"Что мне за это будет?" захьӡу зметр дуу асахьаркыратә фильм аҭыхрақәа мҩаԥысуеит Аԥсны, а…
  5. Oct 12, 2026Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарра аԥҵоижьҭеи 140 шықәса аҵра азгәарҭеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәе…
  6. Oct 12, 2026Жәларбжьаратәи апрактикатә семинар "Аинклиузивтә ҵара. Аиҭарҿиара" мҩаԥысит Аҟәа. Уи рхы а…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →