TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21457 15
Москва еиԥш иҟоу акультуратә центр ду аҟны ацәыргақәҵа анымҩаԥуго зыбла даара иҵару ауаа шнанаго удыруеит, уи сара ԥышәарак еиԥш исыдыскылоит ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит Москва Асахьаҭыхратә академиаҿы хаҭалатәи зцәыргақәҵа мҩаԥысуа Нугзар Логәуа.

Ацәыргақәҵа еиднакылеит хыԥхьаӡара рацәала аҭааҩцәа, астудентцәа, аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, аҵарауаа, аҟаза иусумҭақәа аинтерес зызцәырнаго зегьы.

Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы иажәақәа рыла, аекспозица еиднакылаз аусумҭақәа рҟынтәи 5 — аԥсуа хәаԥшҩы макьана иимбацыз роуп.

Ацәыргақәҵа аиҿкаара хаҭала дадгылеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.

Ацәыргақәҵа Москватәи Асахьаҭыхратә академиаҿы иаартызаауеит жьҭаара 18-нӡа, анаҩс уи ииагахоит Росстат ахыбрахь — афранцыз архитектор, амодернист Ле Карбиузие иргылаз Урыстәыла аҳәынҭқарратә статистика Афедералтә маҵзура зыҩноу ахыбрахь. Уаҟа ацәыргақәҵа аартуп жьҭаара 30 рҟынӡа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥшыр ҟалоит абра.
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 12, 2026Аҟәа аҿиареи аиқәыршәареи иазырхоу анаҩстәи аинырра ахырхарҭақәеи алшарақәеи ирызку апроек…
  2. Oct 12, 2026Алиса Гыцԥҳа V леицлабра-лабораториа "Амузыка — ҳәаа змам аиҿцәажәара" афинал мҩаԥгахоит У…
  3. Oct 12, 2026"Что мне за это будет?" захьӡу зметр дуу асахьаркыратә фильм аҭыхрақәа мҩаԥысуеит Аԥсны, а…
  4. Oct 12, 2026Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарра аԥҵоижьҭеи 140 шықәса аҵра азгәарҭеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәе…
  5. Oct 12, 2026Жәларбжьаратәи апрактикатә семинар "Аинклиузивтә ҵара. Аиҭарҿиара" мҩаԥысит Аҟәа. Уи рхы а…
  6. Oct 12, 2026Аԥсны ақәыԥшыларатә ҿиара Алабораториа аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, аԥснытәи аспециалистцәеи у…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →