Алиса Гыцԥҳа V леицлабра-лабораториа "Амузыка — ҳәаа змам аиҿцәажәара" афинал мҩаԥгахоит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә иҷыдоу аҟазаратә академиаҿы (РГСАИ) жьҭаара 12-15 рзы.
Раԥхьатәи амш азы ажиури алахәылацәа — Алиса Гыцԥҳа, Иана Иванилова, Наталиа Попова, Елена Заремба аҵәҭаԥсареи аҟаза-иклассқәеи мҩаԥыргеит.
Алахәылацәа ирзыԥшуп егьырҭ аҟаза-иклассқәа, иара убас х-номинациак рыла азыӡырҩрақәа: ахкы оператә шәаҳәара, ашәеицҳәара аҟазара, акамертә вокалтә шәаҳәара.
Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониеи аиааира згаз рконцерти мҩаԥгахоит жьҭаара 15 рзы.
Аицлабрахь сынтәа адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҟынтәи 300 инареиҳаны азыҳәақәа ҟалеит. Аихшьаалақәа рыла ажиури иалырхит 118-ҩык.
Аҳамҭа ҷыда хада — Н. А. Римски-Корсаков испектакль наӡа "Аҳәынҭқар иҭаца" алахәхара Д. Д. Шостакович ихьӡ зху Самаратәи аопереи абалети ртеатр аҿы.
Егьырҭ аҳамҭақәа иреиуоуп акомпозитор Алина Небыкова лкамертә опера "Ждан" аконцерттә нагӡара, ахьӡ-аԥша змоу амузыкатә АИХқәа рҿы аинтервиу, Светлана Бондаренкои Вера Таривердиевеи рҟынтәи аԥаратә ҳамҭақәа.
Ашықәсқәа зегьы рзы аицлабра-лабораториа алауреатцәа риубилеитә концерт мҩаԥгахоит жьҭаара 27 рзы Аҟәа, Аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы.
Апроект мҩаԥысуеит "РосатомЭнергосбыти" Аԥсны анапхгареи рыцхыраарала.
Post #21456
13