TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21454 33
Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарра аԥҵоижьҭеи 140 шықәса аҵра азгәарҭеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳәырԥсарра адиректор Сабина Лобода.

Аныҳәатә еко-рккаратә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит аԥснытәии урыстәылатәии аҵарауаа, ААУ астудентцәа, аҳәырԥсарра аилыргараан амзаҵлақәа адырга рыҭараҿ ацхыраара ҟазҵо аҿар.

"Аиҳарак ари аусмҩаԥгатә ахәыҷқәа рзы еиҿкаан. Аҳәырԥсарра адыргаҷыдақәеи ашәҟәыҟаԥшьтә ҵиаақәа рсахьеи зну аџьшьаратә шәҟәқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи ранаҳшьеит", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит аинтерактивқәа жәпакы, еиҿкаан арҿиаратә мастер-классқәа, аҳәырԥсарра аҵакыраҿы иҭыхыз архивтәи ҳаамҭазтәи афотосахьақәа рцәыргақәҵа.

Аусмҩаԥгатә аиҿкаареи амҩаԥгареи рҿы афинанстә цхыраара ҟарҵеит Пицундатәи амеценатцәеи анаплакҩыцәеи.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 13, 2026Аҵакыратә ҿиара Алабораториа имҩаԥнаго аҭҵаара — Аԥсны атуризм аусхк аҿиаразы азнеишьа ҿыц…
  2. Oct 13, 2026Аԥснынтәи Геннади Кожухар азеиԥш аԥхьахәтә фонд 17 млн мааҭ ыҟоу жәларбжьаратәи аԥхьахә "Е…
  3. Oct 13, 2026Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр "Зеиԥшыҟам ахаҵа" аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 15 рз…
  4. Oct 13, 2026"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" — ахьӡ ахьӡ-аԥша змоу акакәны иҟоуп иҳәеит урыстәылатәи аспорттә ком…
  5. Oct 13, 2026"СП Путь-А" уаанӡатәи адиректор хада Алик Агрба Аҟәатәи аӡбарҭа ахара иднаҵеит АУН "Аԥсныт…
  6. Oct 13, 2026Ареспублика атуристтә ҟазаратә-план аус адырулоит урыстәылатәии аԥснытәии аҵарауаа лҳәеит…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →