Аҳас иамоушәа аԥсабара,
Ирыҵаҽырбо атәыҩа дуқәа,
Ахы шьҭкәыцәаа, икахәхәа аӡара,
Ҿаҩеи дәи азеиԥшха идәықәуп.
Владимир Анқәаб
Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсарра аҵакыраҟны шықәсқәак раԥхьа рааӡара иалагеит Кавказтәи абынҽацәқәа. Дара аԥснытәи ашьхарақәа рҟны рхыԥхьаӡара рацәан, аха аҵыхәтәантәи ашәышықәсқәа рзы уарлашәарла акәын ишуԥылоз.
Кавказтәи абынҽацәқәа рааӡара инапы аиркит Аҟәатәи ГЕС атехдиректор Резо Занҭариа. Уи шыҟалаз атәы инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра.
Post #2365
135
- ❤ 3
- 👍 2