TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #280 481
Аԥштәқәа 🎨

Аԥсшәаҿы аԥштәқәа рыхьӡқәа даара аинтерес рыҵоуп, иагьырацәоуп. Ихадарақәоу зегьы иаҳдыруеит, рылҿиаақәа акрыҟоуп, иаҳзеидкылаз абар:

⚪️ А́шкәакәа

Аҟәа́ш, аҟәа́шкакара, апа́шә – белоснежный

⚫️ А́иқәаҵәа

А́иқәаҵәасамсал, а́иқәаҵәамлаҳ
– черный как смоль
Аиқәаҵәҳа́ҳара, а́лаҳәхӡеиԥш е́иқәаҵәоу – черный-пречерный, вороной

🔘 А́хәа

А́хәаԥштәы, ацры́ш
– серый
Ацәы́ш – светло-серый
Атсаԥшшәахәы́ра – темно-серый (свинцовый)

🟤 Аҩа́бжьа

Ацәышәшәы́, ахьаԥшшәы
– бурый, коричневый

🔴 А́ҟаԥшь

Аҟаԥшьы́уаркалеи, аҟаԥшьҳа́ҳара
, аҟаԥшьхәы́хәара – ярко-красный
Аҟаԥшье́иқәа, аҟаԥшьы́хәҵәа, ауарце́и – пурпурный
Аҩа́бџьа – медно-красный
Ацәаԥшь, ацәыҟаԥшь – светло-красный; розоватый
Ауардԥшшәа́ла – розовый

🟠 Апатырқа́лԥшшәы

Аԥшь
– рыжий

🟡 Аҩе́жь

Аҩе́жьҟанҭалеи, аҩе́жьҟаҟара
– ярко-желтый, канареечный
Ацәҩе́жь – светло-желтый
Ахҩе́жьаа – кремовый, телесный

🟢 А́иаҵәа, ашьа́цԥшшәы

Аиаҵәҟа́ҟара
– ярко-зеленый
Ацәы́еҵәа – светло-зеленый, зеленоватый

🔵 А́иаҵәа, аҷы́хә

Жәҩангәыԥштәы́
– голубой, лазурный, лазоревый
А́жәҩанԥштәы – синий

🟣Адәыкры́нԥшшәы – фиолетовый

"Аиаҵәа" ашьацԥштәи ажәҩанԥштәи аанарԥшуеит, уи агьџьашьатәӡам, дара спектрла еизааигәоуп. Аха аԥсшәаҿы иҟоуп ажәҩанԥштәазы даҽа лексемакгьы – аҷы́хә. Абаза бызшәа иалоуп ари ажәа, убас адыга бызшәақәагьы – щIыхә.

Ари ажәа -р анацла – аҷры́хә ҳауит (пестрый) – иӷраҷкәынӡа, ихәыҵԥхаауа аԥштәазы. "Пестрый" аԥсшәаҿы аҳәашьақәа рацәоуп, аԥшшәеилаҵашьа зеиԥшроу еиԥш.

Аҷры́хә – рябой; бледно-синий, светло-серый (на ограниченной поверхности); пестрый с проседью
Аҷы́ӷра – ярко-красный пестрый
Аӷары́ӷаҭәа – слишком пестрый, некрасивый
А́ӷра – пегий
А́илыӷраа, аӷраҷкәы́н, аҭӷы́нҷаа – пестрый

🔸Аӷары́ӷаҭәа рҳәоит абжьхәанча азыҳәангьы (сиплый хриплый голос). Доус иашәа ӷарыӷаҭәа ҿырпынбжьушәа иаҳауеит (ажәаԥҟа).

🔸А́ӷра аҩбатәи аҵакы – ауаҩы хәымга (злой недобрый человек). Ҩнуҵҟала уӷразар, аҩсҭаа уирыцқьоит (ажәаԥҟа). Абраскьыл аблагәыӷрақәа анихыр иҭахын, рымшьҭа цәгьоуп ҳәа.

Афото: Ольга Брендель лсахьақәа руак

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 15
  • 😱 1
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 30, 2026Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьы…
  2. Sep 30, 2026Ԥсра зқәым архәҭа Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҽны, цәыббра 30, 2026 шықәса Аиааира иациуеит…
  3. Sep 30, 2026Иахьа аашазар ақәа леиуеит Аԥсны, аха ицқьоуп ҳара ҳажәҩан. 33 шықәса Аиааира абираҟ ахагы…
  4. Sep 29, 2026Амалабаша аџьабаа збо, излымҵуа аус иаҿу, башаӡа зыҽзырааԥсо изы ишԥарҳәо аԥсуаа: Аԥсшәа-p…
  5. Sep 29, 2026АЏЬАБАА БАША (иҟалахьоу ажәабжь) Ари ажәабжь саҳаижьҭеи акыр ҵуеит. Усҟан сыҷкәынаӡан. Ҳаи…
  6. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →