Жәҩан иазымкыз алашара
Хыҵын иацәкаҭәеит.
Аҵх иагәылҵыз ашьыжь шара
Аҵкы шкәакәа ашәнаҵеит.
(Инна Аҳашԥҳа)
🪢Ажәарыԥхрақәа
Иџьашьахәуп ҳбызшәа! "Ашкәакәа" ажәа ашьагәыҭ нбан заҵәык ауп -ш, кәакәа суффикусп. Абри -ш шаҵәшаҵәо егьырҭ ашьаҭақәагьы иаарывагылан заманала ажәа ҿыцқәа арҿиеит.
Иаҳҳәап, ахш (молоко) ҳгозар, еиҿышәшәоит ах + ш (белое молоко) ҳәа, иалҵуа афатәқәа рҿы -ш быжьшәоит: ахџьаџьа (молозиво, "шершавое молоко"), ахырҵәы (кислое молоко), ахаҷа (творог, "малость молока"), ахҷаҭ (сметана), ахааҵа (закваска). Убас иаҳԥылоит ажәақәа алаҳа́х (млечный сок инжира), ахраӡа́га (цедилка для молока) уҳәа рҿы.
Аҳаш (известняк "белый камень"), аш (бельмо; холст), абаҩлаша (костный мозг), ашша ("белый" животный жир, сало), ашша ашәарыцаратә бызшәала "аҵа́а" аанагоит (уигьы шкәакәоуп).
Ашла, ашыла, ашара ԥыхьатәи ҳанҵамҭаҿы ҳарзааҭгылеит, абырлаш атәы еилкаауп, а́ԥраш (белый парус), а́ҷныш (чайка).
Шәаргьы шәҿырԥштәқәа аажәга🦢
Арубрика шәгәаԥхозар, шәнапы ҳашәҭ👍😉
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #223
361

- 👍 19
- ❤ 2