🧩Ажәахырҿиаара
Шеит, хәлеит, лашьцеит🌄🌅🌌
Амши аҵхи реишьҭанеира ауаҩы адунеи дықәлазар аахыс есыҽны иибо ԥсабаратә цәырҵроуп. Аԥсшәаҿы арҭ ажәақәа рхала мацара ахаҿыдатә ҳәоуқәа шьақәдыргылоит. Аха аграмматика ҳалалом, ҳҽазаҳшәап дара "шцәажәо" агәылаԥшра.
Шеит атәы мариоуп: ша́йт⬅️ша аайт, аша́ра ааит ауп (рассвело "белый свет пришел"), ҵааит – ҵа ааит (замерзло, "дно выросло") аҽеиԥш.
Хәлеит иаҳа иуадаҩуп, аморфема -хә аҵакқәа рацәаны ишьҭнахуеит (хәы/хәа пища, доля, пух, шерсть, серый). Ҳгәанала а́хәла-ра аҿы иҟоу абри аҵыхәтәантәи аҵакоуп, амши аҵхи рыбжьара ашьшьыҳәа зҽеиҭазкуа аԥшшәы (переход из белого в черное – серое, сумерки). Ажәақәа хәылԥазы, хәылбыҽха, ахәымҽхан рҿы иаҳԥылогьы ахәлара иалоу -хә ауп уҳәаратәы иҟоуп. Асуффикс -ла иҳанаҳәоит "излоу, иалоу": ашла (седой, "содержащий белое"), аӡла (сладкий сочный, "содержащий воду") рҿеиԥш.
Ари агәаанагара ҳазаазгаз дара аилкаарақәа аҩбагьы ажәахырҿиаарала иахьеиԥшу ауп: шарԥазы-хәылԥазы; шарԥыеҵәа-хәылԥыеҵәа; шьыжьшәаԥшь-хәылԥшәаԥшь, иагьаныхәлам-иагьаншам уҳәа.
Ахәлара иҳанаҳәо иааҳакәыршоу аԥсабара аԥшшәеиҭакра акәымзар, даҽа версиак мацара ауп иаҳзаанхо, хәлеит/хәлайт – (с)хәы леит (стемнело: "моя доля опустилась").
Лашьцеит иҟалап х-шьаҭак рыла ишьақәгылазар: ла-шь-ца – а́ла ашьа́ра цеит (видение глаза ушло; глаз не видит (не чтит). Мамзаргьы алашара цеит, аха -ш ишнеиуа иаԥшқахо ҳәа даҽа ҿырԥштәык ҳхаҿы иааиуам.
Алашьцара амш ахәлара иадҳәаламзаргьы ҟалоит, иаҳҳәап: аҳаԥы лашьца; иаасықәлашьцеит.
📖 Иара изы ишан, ихәлеит – ему море по колено; его песенка спета;
Аҵәырлашьца – кромешная тьма;
Ула аҵәыршы ҭакызаргьы иубом – темно, хоть глаз выколи.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #222
375

- 👍 17