Лыӡбахә шәаҳҳәар ҳҭахуп зырҿиаратә ԥсҭазаара Аҟәа имҩаԥысыз асахьаҭыхҩы Ольга Брендель. Диижьҭеи иахьа 100 шықәса ҵуеит.
1927 шықәсазы Нестор Лакәаба иааԥхьарала иҭаацәа иманы Аԥсныҟа нхара ҳәа дааит Ольга Брендель лаб – аветеринар Владимир Брендель. Аԥхьа Ҵабал дыҟан, аԥсаса ихәышәтәуан, аамҭак ашьҭахь Аҟәаҟа диасит. Иԥҳа хәыҷы усҟан 4-5 шықәса ракәын илхыҵуаз. Нхарҭас иахьалырхыз Фазиль Искандер иҭаацәа иргәылацәахеит.
Ольга дшыхәыҷыз ақыцә акышьа лирҵеит лаб иҩыза – Аԥсны асахьаҭыхцәа реидгыла аԥҵаҩцәа ируаӡәку аҿыханҵаҩ Валентин Контарев. Заԥхьаҟа исахьаҭыхыҩхараны иҟаз аԥҳәызба ганрацәала арҿиара лыцааиуан: амузыка, абалет лгәаԥхон, аскрипка алырҳәон, даара ибзианы дкәашон, дагьықәгылон. Абарҭқәа зегьы ахьымҩаԥысуаз – Аҟәа.
Даныҩеидас Қарҭ асахьаҭыхратә академиа дҭалеит, аха ахәбатәи акурс аҿы днеихьаны дҭырцеит, "мраҭашәаратәи анырра" даднаҟьалацәоит ҳәа. Ари ахҭыс лырҿиара ԥырхага дук анамҭеит, 1948 шықәса раахыс инеиԥынкыланы Аҟәа дынхон, Аԥсуа драматә театр адекорациақәа лырхион, амшын асахьа аҭыхра дазгаган. Анатура дашьҭаны ирацәаны днеиааиуан Аԥсны аҩнуҵҟеиԥш уи анҭыҵгьы: Ҟрым, Даӷьсҭан уҳәа. Напҭацәы даауамызт.
Ольга Брендель ҩыза ааигәас длыман еицырдыруа аԥсуа скульптор Марина Ешԥҳа. Аҩыџьагь еицны Париж ицахьан, бзиа ирбо асахьаҭыхцәа раԥҵамҭақәа рылала ирбарц. Арҭ аҩыџьагь Акалмаҳааӡарҭа мозаикала изҩычаз роуп. Аусураҿы ишеивагылаз еиԥш аԥсҭазаараҿгьы рыжәҩахыр еибыҭан, Ольга асасцәа анылзаауаз, Марина абысҭаура лнапы ианын – илеиӷьны изуаз дыҟамызт.
Ольга Брендель хаҭалатәи лцәыргақәҵа еиҿкаан Аҟәа 1983 шықәсазы, ауаа идырбан 200 инарзынаԥшуа лусумҭақәа. Лсахьақәа иахьа Аԥсны амилаҭ галереиаҿы иҵәахуп, уажәи-уажәи еиуеиԥшым атематикатә цәыргақәҵақәа раан ицәырыргоит. Лыԥҳа – уигьы Ольга лыхьӡуп, дҟазараҭҵааҩуп, аԥсуа сахьаҭыхцәа ирызкны ашәҟәқәа лыҩхьеит. Лмаҭа Борис Воицеховски – ажурналист, асахьаҭыхҩы, Москва дынхоит, ихәыҷра Аԥсны имҩасит, бзиа ибаны лассы-лассы даалоит.
Афото: аҭаацәара рархив аҟынтә
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #279
387

- 👍 12
- ❤ 2