TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #228 363
Уа шьжьыбзиа, ааԥынра, март мза ԥшьба,
С-Аԥсынра мратәылаха, ааԥынра азырба!
О, рразҟы мҩа дуӡӡаха, Аԥсны аԥацәа
Рхаҵара ашәа ухыҩуа, игоит игәырӷьаҵәа!

(Алықьса Џьонуа)

Иахьа акрызҵазкуа ҭоурыхтә мшуп ҳаԥсадгьыл азы.

Абри аҽны 1921 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа асовет мчра шьақәгылеит. Кьаразаа ԥшьышықәса иззықәԥоз ари аиааира ажәлар гәырӷьа хҭысны ирыдыркылеит, избанзар ақырҭуа меншевикцәа даара аԥхасҭа ду шҳарҭоз еилкаан.

Асовет мчра ааира ҳара ҳзы раԥхьаӡа иргыланы изхадароу, 1864 шықәсазы иаԥыхыз аԥсуа ҳәынҭқарра ахьеиҭашьақәыргылахаз азоуп. Аԥсны зхы иақәиҭу, ихьыԥшым республиканы ирылаҳәан, Ленин ари ақьаад инапы аҵаиҩит.

Рыцҳарас иҟалаз, мызки-бжаки мҵыцкәа Сталин ҩаԥхьа ақырҭқәа ҳрыдларатәы аусқәа реиҵарҟәаҟәара далагеит, игәахәтәы наӡеит 1931 шықәсазы. Аха уи ажәашықәса иалыршазгьы маҷым: акьыԥхь, алитература, аҭҵаара реизҳара иатәын, Аҟәа аинститут аатит, апатриотцәа усгьы иҳагмызт, аҵара бзиа змаз ауаажәларра еиҵагылеит, Аԥсны ахатә Конституциа аднакылеит (1925 ш.).

Ишдыру еиԥш, асовет аамҭа аҟазшьа бааԥсқәагьы ацын, аха Нестор Лакәаба иахьынӡауаз ҭауади-аамсҭеи, аинтеллигенциеи иркьымсратәы дныҟәон, дрыхӡыӡаауан, ҳара акулакцәа ҳамаӡам ҳәа ихырҵәагаз Москваа рыдҵақәа наигӡомызт, иԥсы ахьынӡаҭаз ижәлар рзы абзиа дашьҭан.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 18
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 30, 2026Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьы…
  2. Sep 30, 2026Ԥсра зқәым архәҭа Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҽны, цәыббра 30, 2026 шықәса Аиааира иациуеит…
  3. Sep 30, 2026Иахьа аашазар ақәа леиуеит Аԥсны, аха ицқьоуп ҳара ҳажәҩан. 33 шықәса Аиааира абираҟ ахагы…
  4. Sep 29, 2026Амалабаша аџьабаа збо, излымҵуа аус иаҿу, башаӡа зыҽзырааԥсо изы ишԥарҳәо аԥсуаа: Аԥсшәа-p…
  5. Sep 29, 2026АЏЬАБАА БАША (иҟалахьоу ажәабжь) Ари ажәабжь саҳаижьҭеи акыр ҵуеит. Усҟан сыҷкәынаӡан. Ҳаи…
  6. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →