🍎 Аԥсны изызҳауа аҵәа ахкыжәлақәа
• А́ӷбаҵәа
• Абамбаҵәа́
• Аӡынҵәа́
• Аихаҵәа́
• Апарчанда́
• Аҵәагәа́ҩа
• Аҵәажьа́кца
• Аҵәа́ҟаԥшь (аҵәа́ԥшь)
• Ашьақа́рҵәа
• Аҳәырҵәа́
• Ацига́нҵәа
• Аҵәа́хәа
• А́ԥсуаҵәа
• Мҵа́ратәи аҵәа
• Ашампа́нҵәа
• Апо́рт
• Аҵәасса,́ аҵәа́ша (дикие яблони) — хыхь еиқәыԥхьаӡоу ахкыжәлақәа реиҳарак зхылҿиааз, абнаҿ изызҳауа, зхала аԥсабара ианылаз ҵиаақәоуп, аԥсуаа рҿы иҵламшқәоуп ҳәа ԥхьаӡан. Аҳаҷҷеиԥш аҵәассагьы ахьыҟоу алаԥшцәгьа мчы амамызт, уи аҟынтә агара иҭаз ашыц гәабан аҵәассамахә аҵарҵон, ауардын аӷьатамагьы аҵәассамахә иалырхуан.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #1026
965
Ахьыуардын 🍐 Уажә ааигәа ашәыр еихаҳара, абаҳчааӡара иазҟазоу аӡәы ҳиҿцәажәон. Аҳа ахкыжәлақәа жәохә еиқәиԥхьаӡеит. Иџьаҳшьеит. Шәҟәыла ишьҭаҳхзар — 25 инареиҳазаап. Аберҳа, аӡынҳа, акырпыжәҳа, акәапеиҳа, акьафырҳа, ақәышьарҳа, ақәыԥсҳа, алацанҳа, алагәанҳа, алуҳа,…

- 👍 20
- ❤ 9