Ацәуардын, аҽыуардын, ахьыуардын, аихауардын зегьы иаадыруеит, иаҳбақәахьеит. Арҭ рыбжьара иҟан даҽа уардын хкыкгьы: амгьа́луардын (арба с "чуречными" колесами).
Ари ас захьӡыз амҿы иалхны алугежьқәа аҵан азоуп, уахьахәаԥшуаз амгьал иеиԥшын акәырқәа, алыреи дареи еицыгьежьуан. Егьыс ахахьы абжьааԥнеиԥш ақәыԥа (плетеная корзина) ахаргыланы иҟарҵон, абзазараҿы имаҭәахәын. Анхаҩы махәҿа-барақьаҭ иҽаҩра алаҭигон, амҿы алааигон.
Ажәа "амгьалуардын" аниҵеит аҵарауаҩ Гьаргь Ӡиӡариа иҳаҩсыз ашәышықәса актәи азбжазы, усҟангьы иҭоурыххахьан.
Ауардын мҿыжразы иаҵыршьуаз асапын шыҟарҵоз шәаԥхьар шәылшоит абра >>
📖 Мгьалча́н – ранний (первый) завтрак абхаза
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #947
670

- 👍 16