TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #762 331
🍐 Уажә ааигәа ашәыр еихаҳара, абаҳчааӡара иазҟазоу аӡәы ҳиҿцәажәон. Аҳа ахкыжәлақәа жәохә еиқәиԥхьаӡеит. Иџьаҳшьеит. Шәҟәыла ишьҭаҳхзар — 25 инареиҳазаап.

Аберҳа, аӡынҳа, акырпыжәҳа, акәапеиҳа, акьафырҳа, ақәышьарҳа, ақәыԥсҳа, алацанҳа, алагәанҳа, алуҳа, ацхарҳа, аҳаӡа, аҳаԥшь, аҳаҩежь, аҳапаҿ, аҳапеҩ, аҳаша (аҳаш // аҳаҷҷа // аҳасса), ахәыҷҳа, ачарқьазҳа, аҽадҳа, ашьақарҳа, баӷиҳа, баҭиҳа, зачиҳа, нанҳәаҳа, ахәыӡҳа́, ахәажәа́ (арҭ ажәар аҟынтә иаагоуп).

Аҳаши аҳаҷҷеи акоуп, амыӷ злыҳәҳәо, абнаҿ зхала иҿио ҵиаауп, амч амоуп ҳәа рыԥхьаӡон аԥсуаа, аҭәҳәақәа рҿы алаԥшцәгьа изы "аҳасса ықәзырҩааз", "аҳасса зырхәаз", "аҳаҷҷа иалыҩрыз" рҳәоит, абӷьы хәшәуп. Аҳаҷҷа иалҵуа абақьмазгьы аӡы иаларҩынтны зшоура халаз ирҭон, аԥхӡы илнахуан, ишоура артәон.

Абынҳажәлақәа рахь иаҵанакуеит иара убас ақәыԥсҳа, алуҳа, аҽадҳа, акәапеиҳа. Шәара зегь реиҳа бзиа ижәбо арбан?

Хыҵхырҭас иҳахәеит Оҭар Ӡиӡариеи Цира Габниаԥҳаи рышәҟәқәа. Абақьмаз шыҟарҵоз шәаԥхьар шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 13
  • ❤ 4
  • 🥰 2
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
  2. Sep 27, 2026🖼️ Аҟәатәи аевкалиптқәа Аҟәа ахақәиҭразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы иҭахаз асахьаҭыхҩы Зураб…
  3. Sep 27, 2026Аԥсуа данҿоугьы, Дыԥсны дангҿоугьы, Аԥсны азы дықәԥоит. Иҭоурых еилазго, Иҳәаа еиҭазго, Мб…
  4. Sep 24, 2026🍽 "Асас афатәгьы ицыҩналоит" (Ажәаԥҟа) Жьыхәҭала еиҿыҟьҟьаны ижәу акәац, ишдыру еиԥш, доу…
  5. Sep 24, 2026"Зқьы ааӡаны шәкы абна илазҵаз" Иахьа аҵакы еиҭарсны иаҳҳәоит, амазара аазырԥшуа фразеолог…
  6. Sep 22, 2026Ажәа ҟәышқәа, ажәа гәылхқәа аԥсуа ихәыцшьа зныԥшуа • Ауаҩы иԥсы зазааит, имгәа бжьазааит.…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →