Ажәахәмарқәа
🍎 Аҵәаԥшь — аҵәаԥшь 💋💄🌅
"Аҵәаԥшь" ихадоу ҩ-ҵакык шьҭнахуеит: ицәыҟаԥшьу аҵәа (сорт красного яблока), нас ахаҿырԥшӡага (помада, румяна). Ҩышьала, ҳәашьала еиԥшуп, аха ихаз-хазу ажәақәоуп, ирзеилоузеи — ауаркалеира.
◽️ Ашәырхкы "аҵәаԥшь" рацәаны иазҳауан еиҳарак абжьыуаа рахь, Валери Кәарҷиа еизигаз Аԥсны атопонимикаҿы иара злоу аҭыԥхьыӡқәа ԥшьба ҳԥылеит: Аҵәа́ԥшьра — Аӡҩыбжьеи Аҭареи иҟоуп, Аҵәаԥшьҭра — Арасаӡыхь, Аҵәаԥшь ахәы — Уатаԥ.
Анкьа Аԥсны ирацәаны иаадрыхуаз аҭаҭын Самсун абӷьы-бзиагьы аҵәаԥшь иадыркылон, иара иагьцәыҟаԥшьын: "Аҵәаԥшь иаҩызами ҳҭаҭын" (Б. Шьынқәба).
◽️ Аҵәаԥшь ирҿыршьуа анакәу (абзыԥқәа "аҵәахҵәаԥшь" ҳәагьы рҳәоит), -ҵәа аҟазшьа ҳнарбоит (интенсивность), иаҿшәырԥш: аџьыкҵәаҵәа, ахьырҵәаҵәа, аиқәаҵәа; -ԥшь аԥштәоуп нас усгьы ижәдыруеит (рыжий, алый).
Аҵәаԥшь рҳәоит ашәаԥшь азынгьы:
"Иблыз амра ацԥхь акәхап // Жәҩан икыдшьылаз аҵәаԥшь" (И. Ҳашԥҳа).
Аӡын аҵаа ӷәӷәақәа ҟамлеижьҭеи акрааҵуеит, аха усгьы, иҿыхьҭаны амш анеилгоу ахәылԥ шәаԥшь ҵәаԥшьҵас ажәҩан ашәуеит.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #907
511

- 👍 9
- ❤ 2