Урыстәылеи Аԥсни еихдоу рҿартә форум аҩбатәи аетап аатит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы.
"Гәык- ԥсыкала бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит аԥсуа дгьыл аҿы. Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп Аԥсни Урыстәылеи раԥхьагылаҩцәа ҿарацәа еидызкыло ас еиԥш ахаҭарнакратә ҿартә форум адкылара", — иҳәеит афорум аартраан Бадра Гәынба.
Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҿар еиҳа иааигәаны реибадырреи, рԥышәа аимдареи, ридеиақәа реиҭаҳәареи, рзеиԥш интересқәа рыԥшаареи рзы алшара ҟарҵоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Хымш рыҩныҵҟа алахәылацәа рзы имҩаԥыргараны иҟоуп атематикатә сессиақәа, астол гьежьқәа, аҟазара-классқәа, аӡыргарақәа, ааглыхратәи асоциалтәи наплакқәа рахь аекскурсиақәа.
Афорум хықәкыс иамоуп Урыстәылеи Аԥсни реиҩызара арӷәӷәара, атрадициатә беиарақәеи апатриотизми рышьаҭала иаку агуманитар-информациатә ҵакыра аԥҵара, агәабзиарахьчареи, аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, атуризми рзы аԥышәа аимдара, жәларбжьаратәи аҿартә усеицура арҿиара, иара убас аиҩызара ацҳақәа рышьақәыргылара, еицырзеиԥшу апроектқәа раԥҵара.
Post #21567
12