Ацрыҵқәеи ахархәареи рзы азакәан агәамсам аклассификациа аилкаара ахаҭа алагалареи ари аусхк аҟны аусура анормақәеи амеханизмқәеи рҭаҩреи иазырхоуп иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз, Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәыла Дауҭ Агрба.
"Ари азакәан зызку акоммуналтә црыҵ кьакьақәеи урҭ рызныҟәареи ирыдҳәалоу апроцессқәа русура, рҭышәныртәалара алыршара ауп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥсны Ауаажәларратә палата ишьақәнарӷәӷәеит ареспубликаҿы агәамсамеизакырҭақәеи аԥсабаратә гәамсамеизакырҭақәеи рҭагылазаашьа иазку иаарту ахцәажәарақәа рсериа аихшьаалақәа рыла алкаа.
Ауаажәларратә палата алахәылацәақәак абжьгарақәа рыҳасаб ала иазгәарҭеит атәылаҿы ари аусхк аҟны аусура ҳәаақәызҵо иаку аусбарҭа аԥҵара шхымԥадатәиу, избанзар иахьа урҭ хазы-хазны иҟоуп.
Алкаа ахәаԥшреи ауснагӡатәқәа рыдкылареи рзы аҳәынҭқарра ахада, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекологиа ирзынашьҭхоит.
#social
Post #21549
26