TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 593 subscribers
Post #21551 32
Аҟәатәи раԥхьатәи Жәларбжьаратәи аинформациа-технологиатә форум аатит Аԥсны.

Уи иалахәуп IT-еилахәырақәа рхаҭарнакцәа.

Аилахәырақәа астендқәа рҿы иӡырыргеит рыпроектқәа, уи ашьҭахь апитч-сессиа мҩаԥгахоит, уаҟа аспикерцәа иҟаҵәҟьоу акеисқәа аҭааҩцәа ирыцеиҩыршоит.

"Ари атехнологиатә суверенитет аҿиараҿы илагала дууп. Саргьы ари акрызҵазкуа аспектны исыԥхьаӡоит ҳаалыҵқәа ԥхьаҟа ргаразы, ҳтәылауаа рыԥсҭазаара еиҳа иманшәалахарц азы", — ҳәа азгәеиҭеит адепутат Инар Саӡба.

Афестиваль иалахәуп Урыстәыла арегионқәеи Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи рҟынтәи аделегациақәа. Зынӡа 300-ҩык инареиҳаны алахәылацәа ыҟоуп.

Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аинформациатә форум — еихдоу Урыстәылеи Аԥсни рҿартә форум аҩбатәи аетап иахәҭакуп. Иара мҩаԥыслоит жьҭаара 16-18 рзы.

Афорум актәи аетап еиҿкаан лаҵарамзазы Нальчик ақалақь аҿы.
Telegram Sputnik Абхазия Первый Сухумский международный информационно-технологический форум открылся в Абхазии. В нем принимают участие представители IT-компаний. Компании представили свои проекты у стендов, после чего состоится питч-сессия, где спикеры поделятся реальными кейсами.…
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 18, 2026Аӡәы дҭахеит, хәҩык аахақәа роуит Петербург адронқәа ажәлара иахҟьаны ҳәа ааицҳауеит агубе…
  2. Oct 18, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархә…
  3. Oct 18, 2026Аԥсны 31 шықәса рыҩнуҵҟа зегь раасҭа илаҟәу аԥсыҭбарақәа рырбага азгәаҭоуп 1998 шықәса рзы…
  4. Oct 18, 2026Аб, ан, ахәыҷы — амҿы иалху аҭаацәара рхаҿсахьа. Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқар…
  5. Oct 17, 2026Чхәартал-Бедиа-Тҟәарчал еимаздо 7 км амҩа аиҭашьақәыргылара хыркәшоуп. Ақыҭақәа рымҩа ааха…
  6. Oct 17, 2026Аԥсуа-аурыс рҿар рфорум алахәылацәа Аԥсны акультуреи, аҵасқәеи-ақьабзқәеи, Аԥсны иҭрыжьуа…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →