TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21546 27
Афонҿыцтәи аҳаԥы аҩнуҵаҟа аихамҩа шьаҭанкыла аиҭашьакәыргылара азԥхьагәаҭоуп иааиуа ашықәс ажьырныҳәамза инаркны, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳаԥы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Беслан Ԥандариа.

Аҳаԥахьы уҭазгало аихамҩа аура кьилометраки бжаки инаӡоит. Аусурақәа аруадаҩуеит уи аҭшәара, аргыларатә маҭәахәқәа рымҩангара.

"Ажьырныҳәа 15 инаркны хәажәкырамза анҵәамҭанӡа, аҳаԥы аркны аусурақәа рымҩаԥгара аплан шьақәыргылан иҳамоуп", — иҳәеит Ԥандариа.

🖇 Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы иаартын 51 шықәса раԥхьа, 1975 шықәса ԥхынгәымза 4 рзы. Аҳаԥы шьақәгылоуп жә-залк рыла. Урҭ рҟынтәи ааҭааҩцәа рзы иаарту 6 роуп, егьырҭ рҿы макьана аҭҵааратә усурақәа мҩаԥыргоит.
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 16, 2026Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба Россотрудничество анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Андреи Емельианов диԥылеит. А…
  2. Oct 16, 2026Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы имҩаԥысит Урыстәылантәи рколлегацәеи дареи реиԥылара. Аиԥылар…
  3. Oct 16, 2026Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аинформациа-технологиатә форум иалнаршоит Аԥсны IT-еилахәырақәа раа…
  4. Oct 16, 2026Апаллиативтә цхыраара аҿиара иалацәажәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи ахосписқәа рыцхыраараз…
  5. Oct 16, 2026Урыстәыла арбџьармчқәа Харьковтәи аобласт аҩада-мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу "Волчанский котл…
  6. Oct 16, 2026Аҟәатәи раԥхьатәи Жәларбжьаратәи аинформациа-технологиатә форум аатит Аԥсны. Уи иалахәуп I…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →