Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи ацәыргақәҵа Урыстәыла аҵараҵара зҭаху Аԥсны атәылауаа ҿарацәа рзы — акрызҵазкуа информациатә хыҵхырҭаны иҟалеит иҳәеит ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Максим Литвинов.
"Агәраганы сыҟоуп, ахәбатәи ацәыргақәҵа аус ауанаҵы ԥхьаҟатәи шәзанааҭқәа шалышәхуа", — иҳәеит иара.
Оренбургтәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аректор Игор Мирошниченко иазгәеиҭеит, иреиҳау аҵараиурҭа аҳәаанырцәтәи астудентцәа разыҟаҵаразы аԥышәа ду шамоу, Аԥсны азы амедицинатә специалистцәа разыҟаҵара ишазыхиоу.
Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп урыстәылатәи аҵараиурҭақәа жәаба рҭаларазы алшарақәа рзы аинформациа. Жьҭаара 14-16 рзы уи еилыркаар рылшоит абитуриентцәеи урҭ рҭаацәеи. Иара убасгьы ирылшоит ауниверситетқәа рхаҭарнакцәа рыҿцәажәара, изызҿлымҳау азҵаарақәа рыҭира.
🖇V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратә ҵаратә цәыргақәҵа хацыркхеит ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҿы.
#social
Post #21497
21