Азанааҭ алхра шьаҭанкыла иазнеитәуп — иахьа аиҭакрақәеи аҿыцрақәеи анырацәоу аамҭазы ҳәа азгәалҭеит Аԥсны Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи ацәыргақәҵа аартраан.
"Убри аан иаҳхаҳмыршҭлароуп азанааҭ алхра гәык-ԥсыкала ишазнеитәу. Уи ахаангьы ишәхашәмыршҭлан. Акыр иаԥсоу ашколхәыҷқәа, аушьҭымҭацәа, абитуриентцәа, ԥхьаҟатәи астудентцәа, еснагь ишәхашәмыршҭлан ишәырҳаз адыррақәа шәтәылаҿы ахархәара шрыҭатәу", — азгәалҭеит лара.
Гәынԥҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, иагьазгәалҭеит зхаҭабзиара ҳараку аҵарадырра аиуразы ареспублика ауааԥсыра рылшарақәа рырҭбаараҿы уи иааннакыло аҭыԥ.
🖇V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратә ҵаратә цәыргақәҵа хацыркхеит ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҿы. Уи иалахәуп урыстәылатәи аҵараиурҭақәа 10 рхаҭарнакцәа. Жьҭаара 14-16 рзы иазгәаҭоуп аӡыргарақәа, аҟазара-классқәа, аинтерактивтә усмҩаԥгатәқәа, аквизқәа.
#social
Post #21496
11