Аиааира амҩаҿы игылоу ахыбра аиҭашьақәыргылара амаҵзура ҷыдақәа рхыраԥшрала имҩаԥысуеит, абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара.
Ахыбра аҭоурых-культуратә ҭынха асиа иаҵанакуеит — ареволиуциа ҟалаанӡатәи аамҭақәа раан араҟа иҟан ҩнымаҭәала еиқәыршәаз аномерқәа – "Европа", аҳамамқәа – "Сҭампыл".
Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭоуп иҿабгар зылшоз хыхьтәи аихагыла абарҵа аиҭашьақәыргылара, абри атәы иҳәеит Аҟәа ахадара ақалақьргыларатә ҭышәныртәалареи архитектуреи рыҟәша архитектура-ргыларатә хылаԥшразы аспециалист хада Ҭемыр Занҭариа.
Иара иажәақәа рыла, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аҟазауаа амашәырҟазшьа ахьынӡаҟоу азы актқәа шьақәдыргылеит, абарҵа иамаз аԥшра аҭаны аиҭашьақәыргыларазы иахәҭоу ашәарақәа мҩаԥыргеит.
"Уажәазы ашьаҭа еиҭашьақәыргылоуп, анаҩс абарҵаҿы иҟаз, аҭоурых-культуратә ҵакы змоу арԥшьшьара аиҭашьақәыргылара аетап ҳаԥхьа ишьҭоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Занҭариа.
Post #21494
27