Апроект "Аԥсны Амедиа ҿыцқәа" ахықәкы хада — Аԥсны иазку аинформациа ииашаны аидкылареи уи аларҵәареи роуп иҳәеит атәыла аԥыза- министр Владимир Делба.
"Уи (аинформациа – аред.) ахьынӡаиашахо зхьыԥшуа ишынаҳашьҭуа иадҳәалоуп. "Аԥсны Амедиа ҿыцқәа" реиԥш иҟоу аицлабрақәа, еиҳаракгьы уажәтәи аҩбатәи, алшара дуқәа ҳзаадыртуеит", — азгәеиҭеит иара.
Делба агәрагара ааирԥшит асеиԥш иҟоу апроектқәа амедиа-ҵакыра иалахәу аҿар рыпроектқәа аԥсҭазаараҿы рынагӡаразы, рхатә лшареи иааидкыланы атәылеи рыҿиаразы иҵегьы агәацԥыҳәара шрырҭо.
#social
Post #21467
27