Аԥсны амедиа ҿыцқәа рыҿиара, зхаҭабзиара ҳараку аконтент аԥҵара зылшо ажурналистцәа ҿарацәеи аблогерцәеи рыдгылара ҳара ҳзы аԥыжәара амоуп иҳәеит атәыла ахада Бадра Гәынба, иаарту аҽазыҟаҵарақәа #ПроНовыеМедиа аҟны данықәгылоз.
"Ҳара апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи асезон ааҳартуеит. Ҳтәыла, уи акультура, ауаа, аихьӡарақәа ртәы зҳәо апроектқәа аԥҵахап ҳәа агәаанагара ҳамоуп", — иҳәеит иара.
Иаарту аҽазыҟаҵарақәа #ПроНовыеМедиа аатит урыстәылатәи ауаажәларратә центр "Ҳара ҳаицуп" аҿы. Иара еизнагеит ажурналистцәа, аблогерцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, амедиа аусзуҩцәа. Алахәылацәа ирзеиҭарҳәоит актәи асезон алҵшәақәеи уи аушьҭымҭацәа рыпроектқәеи ртәы.
🖇 Аусмҩаԥгатә Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа ацхыраарала имҩаԥгахоит. Аиҿкааҩцәа — "Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа", аплатформа "Урыстәыла —алшарақәа ртәыла", АНО "Диалог регионы", аҟазарҭа "Сенеж".
Post #21465
28