TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21450 31
Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа хаҭалатәи ицәыргақәҵа "Амифи аҵабырги" аартуп Москва, Урыстәылатәи асахьаҭыхратә академиаҿы жьҭаара 18 рҟынӡа.

Аусумҭақәа Аԥсны аиԥш аҳәаанырцәгьы ицәырган, аха Урыстәыла ацәыргақәҵа раԥхьаӡа акәны еиҿкаауп ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит асахьаҭыхыҩ.

Иара иазгәеиҭеит Москва асахьақәа рцәыргара агәҭакы шцәырҵыз ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы Аԥсны Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы аиубилеитә цәыргақәҵа анымҩаԥырга ашьҭахь. Аидеиа иадгылеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи ареспублика Акультура аминистрреи.

Логәуа еиҭеиҳәеит асахьақәа аҭааҩцәа аинтерес шрызцәырыргаз, ацәыргақәҵа анаадырт ашьҭахь сааҭқәак арҿиаратә еицәажәарақәа шымҩаԥысуаз.

Аусмҩаԥгатә иаҭааит Урыстәылатәи асахьаҭыхратә академиеи егьырҭ арҿиаратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа, Суриков ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә институт арҵаҩцәа.

Зынӡа аекспозициа иалалеит 30 усумҭа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп "Ахәылԥаз. Амираж", "Аҽыкәабаҩ амра аҭашәара аламҭалаз"," Еилабгаз Антика", " Анана-Гәында. Ачашәреи ашьхааӡареи рынцәахәы", иара убас Логәуа иҭыхымҭақәа рмотивқәа рыла иаԥҵоу Илона Занҭариа лкостиумқәа ԥшьба.

Жьҭаара 18 рышьҭахь аекспозициа Росстат ахь ииасуеит — афранцыз архитектор, амодернист Ле Карбиузие иргылаз Урыстәыла аҳәынҭқарратә статистика Афедералтә маҵзура зыҩноу ахыбрахь. Уаҟа ацәыргақәҵа аартуп жьҭаара 30 рҟынӡа.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 12, 2026Аҟәа аҿиареи аиқәыршәареи иазырхоу анаҩстәи аинырра ахырхарҭақәеи алшарақәеи ирызку апроек…
  2. Oct 12, 2026Москва еиԥш иҟоу акультуратә центр ду аҟны ацәыргақәҵа анымҩаԥуго зыбла даара иҵару ауаа ш…
  3. Oct 12, 2026Алиса Гыцԥҳа V леицлабра-лабораториа "Амузыка — ҳәаа змам аиҿцәажәара" афинал мҩаԥгахоит У…
  4. Oct 12, 2026"Что мне за это будет?" захьӡу зметр дуу асахьаркыратә фильм аҭыхрақәа мҩаԥысуеит Аԥсны, а…
  5. Oct 12, 2026Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарра аԥҵоижьҭеи 140 шықәса аҵра азгәарҭеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәе…
  6. Oct 12, 2026Жәларбжьаратәи апрактикатә семинар "Аинклиузивтә ҵара. Аиҭарҿиара" мҩаԥысит Аҟәа. Уи рхы а…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →