TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21313 29
Жьҭаарамза 11 рзы аҭоурыхтә дәы Лыхнашҭа аҟны аҽаҩраныҳәа амҩаԥгаразы аҽазыҟаҵарақәа ҳрылагахьеит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иури Кәарцхьиа.

"Лыхнашҭа" иалахәу зегьы рыҩны иҟарҵаз аалыҵқәа, ҭагалантәи ​​ашәырқәа, рнапала иҟарҵаз усумҭақәа наргоит, ацәыргақәҵақәа еиҿыркаауеит ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Ари амш аҽазыҟаҵара ҳалагахьеит. Ажәлар рныҳәа иалахәхоит Гәдоуҭа ақыҭақәеи Афон ҿыц ақалақьи. Сынтәа егьырҭ ашықәсақәа раан еиԥш акәымкәа, ҳныҳәа иалахәхаӡом Ҟарачы-Черқьестәылатәи аделегациа, амала дара рҭыԥ хиоуп. Ҳазнеиӡом ҳәа ҳарҳәеит, уи амзызқәа сыздыруам", — иҳәеит Кәарцхьиа.

Кәарцхьиа иажәақәа рыла, есышықәса ишыҟарҵалак еиԥш анхацәа рҽаҩра ӡырыргоит.

Инарҭбаау аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik аҟны.

🖇 Аҽаҩраныҳәа аҭоурыхтә дәы Лыхнашҭа аҟны имҩаԥыргоит 1984 шықәса раахыс.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 8, 2026Аицлабра "Аԥсны акоманда" аҿы аиааира агара ҳаҭыр дууп, ҭакԥхықәроуп ҳәа лҳәеит апроект аҩ…
  2. Oct 8, 2026"Аԥсны акоманда" иалахәу зегьы аиааира ргеит ҳәа иԥхьаӡоит Џьон Ҭарба. Аицлабраҿы аиааира…
  3. Oct 8, 2026Аишьцәа гәакьақәа Константини Артиом Амқәабаа анапхгараҭаҩцәа реицлабра "Аԥсны акоманда" а…
  4. Oct 8, 2026"Сара сеигәырӷьоит атәылаҿы иахьыҟоу аиԥш зеиԥшу, иахьазы Аԥсны еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы асп…
  5. Oct 8, 2026Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәылацәа Аԥсны аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра зхахьы агара иазхиоу ар…
  6. Oct 8, 2026Арепатриациа Афонд адиректор ихаҭыԥуаҩ Ҭенгиз Анқәаб Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит аицлабра…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →