Аурыс-аԥсуа ҭоурых-культуратә ҭынхазы раԥхьатәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа аатит ААУ аҿы.
Аусмҩаԥгатә Урыстәыла акультуратә аԥшьгарақәа рзы ахада ифонд ацхыраарала Жәларбжьаратәи акультура-рккаратә проект "Афырхаҵа имҩа" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.
Аконференциа иаҭааит аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Нижни Новгород ақалақьтә мазара анапхгараҭаразы аилак аиҳабы Светлана Помпаева.
Аԥсни Урыстәылеи рҭоурыхтәи ркультуратәи еимадарақәа наҟ-наҟтәи рыҭҵаара аҵак ду шамоу азгәазҭоз аректор Алеко Гәарамиа ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит Жәларбжьаратәи аусқәа рзы ААУ апроректор Максим Ӷәынџьиа.
"Ас еиԥш аформат змоу, иаԥхьатәиу аконференциа амҩаԥгара – ҳзеиԥш ҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхареи аҭҵаареи рзы асистематә усураҿы акрызҵазкуа шьаҿоуп. Иахьа еиҳарак ихадоуп аҭоурыхтә гәалашәара алацәажәара акәымкәа, иалкаау аусқәа рымҩаԥгара – архивтә материалқәа, аҭоурыхтә ршаҳаҭгақәа рыҭҵаара, абаҟақәа реиқәырхара, ирхашҭхьоу ахьӡқәеи ахҭысқәеи рырхынҳәра", — лҳәеит ахада Иусбарҭа агуманитартә политика Аусбарҭа аиҳабы Викториа Бебиаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ари ахырхарҭала аусура ду шымҩаԥысхьоу Аԥсуаҭҵааратә институт, аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, атәыла амузеиқәа рҿы.
Аконференциа хықәкы хадас иамоуп Урыстәылеи Аԥсни рҭоурых-культуратә ҭынха азхьаԥшра аҭара, апрофессионалтә ҭҵаарадырратә диалоги аҭҵааратә знеишьақәа реимдареи рзы аплошьадка аԥҵара.
Алахәылацәа аҩ-тәылак рзеиԥш ҭоурыхи ркультуратә еимадарақәеи рыҭҵаара актуалтә зҵаарақәа ирызку аҭҵаарадырратә жәахәқәа ҟарҵараны иҟоуп.
Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны аус рулоит асекциақәа хԥа: аҭоурых, акультурологиа, аполитологиа.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа – Аԥсны ахада Иусбарҭа, Нижни Новгород Ахадара, ИИА "Ақалақьтә ҭагылазаашьа аиқәырхареи аҿиареи рзы пмаҵзура".
Цәыббра 30 рзы Аҟәа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы иаатит апроект "Афырхаҵа имҩа" аинтерактивтә експозициа. 130 метр ԥшьыркца инареиҳаны зҵазкуа аекспозициа еиднакылеит итрадициатәу амузеитә форматқәеи амультимедиатә технологиақәеи.
Post #21278
17