TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 589 subscribers
Post #21192 25
Витали Ақырҭаа — 1989 шықәсазы имҩаԥысуаз аҿагыларатә митингқәа, амлашьра уҳәа, ақырҭуа политика ҟьашь мап ацәкра иадҳәалаз акциақәа активла дрылахәын. Убасҟан аԥсуа рԥыс аӷацәа длаԥшықәырҵахьан, игәаӷгьы кны ирыман.

24 шықәса зхыҵуаз Витали Виктор-иԥа Ақырҭаа Аԥсуа гвардиа далан. Дара рырхәҭа Пицунда еиҿкаан, Витали драдистын. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага, иара иҩызцәа гаграа дрыцлеит. Ԥсахара ақыҭан ишьақәгылаз ахырӷәӷәарҭаҟны дыҟан.

Ԥсахара ахырӷәӷәарҭаҟны итәаз аҷкәынцәа аӷацәа ртанк анрылала, ӷәӷәала аиҿахысра ҟалеит. Убасҟан Витали, амчратә цәқәырԥа иахырҟьаны ихы ҭҟьеит. Иԥсы аиаанӡа, аӷацәа дыҭҟәаны дыргеит.

"Абылтәы иқәҭәаны дырблит" — аибашьҩы иҭоурых аԥхьаразы ишәыдаагалоит.
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 3, 2026Фиодор Емельианенко Аҟәа аҟаза-икласс мҩаԥигеит. Акырынтә адунеи ачемпион 150-ҩык аспортсм…
  2. Oct 3, 2026Гагра араион ахақәиҭтәра амш азгәарҭоит жьҭаара 6 рзы, абри атәы аанацҳауеит араион ахадар…
  3. Oct 3, 2026Мушьни Хәарцкьиа игәаларшәара иазку ацәыргақәҵа аатит "Аҟәатәи абаа" аҿы ҳәа аанацҳауеит а…
  4. Oct 3, 2026Фиодор Емельианенко Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа ԥшахьарсразы даҭааит. Еицырдыруа урыстәылатә…
  5. Oct 3, 2026Фиодор Емельианенко Аԥсныҟа дааит. Еицырдыруа аспортсмен самбо азы жәларбжьаратәи атурнир…
  6. Oct 3, 2026Афонҿыцтәи аӡҭачы арыцқьаразы адгьыл аӡаҵаҟатәии аҵарҵауларатәии усурақәеи, аӡҭачқәа ррыцқ…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →