TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #21130 28
Аԥсни Башкортосҭани рпарламентбжьаратә усеицура еизирҳалоит ареспублика Аҳәынҭқарратә Еизара – Курултаи ахантәаҩы Андреи Назаров.

Ари аинырра иалнаршоит аԥышәа аимдара арҭбаара, аусеицуразы аԥеиԥш ҿыцқәа раартра ҳәа азгәеиҭеит Назаров Бадра Гәынбеи иареи реиԥылараан.

Аҳәынҭқарра ахада ҭабуп ҳәа иҳәеит ареспублика иазыҟарҵо азҿлымҳареи адгылареи рзы, иазгәеиҭеит аԥснытәии башкириатәии ажәларқәа реизыҟазаашьа аҟазшьа ҷыда шамоу.

Курултаи ахантәаҩы иазгәеиҭеит Уфеи Аҟәеи рыбжьара аҳаиреимадара қәҿиарала аҿиара шамоу, агәыӷра ааирԥшит ари аусхк ԥхьаҟатәи аҿиара аиуп ҳәа. Иара иҳәеит акурорттә аамҭахәҭа ҳарак аан мчыбжьык ахь хынтә ишиашоу ицо ареисқәа шынарыгӡаз.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Бадра Гәынба Андреи Назаров ианеишьеит аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара, ҩ-республикак рыбжьара асоциал-економикатәи акультуратәи еимадарақәа рыҿиараҿы хаҭалатәи илагала ду азы.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 1, 2026Урыстәыла Донбасс иаанхаз ахәҭа акырӡа заа ахы иақәиҭнатәуеит, шықәсыки бжаки-ҩышықәсеи ры…
  2. Oct 1, 2026Аҟәа Диоскураа рыԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара апроект аԥызҵоз архитекторцәа рыгәҭакы уажәнатә…
  3. Oct 1, 2026Урыстәыла амакроекономикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин.…
  4. Oct 1, 2026Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны АҩАР ахада Роберт Кьиут ажәахә ҟаиҵеит Москва, Урыстәыла Аҩ…
  5. Oct 1, 2026Афильм "Иҷыдоу апациент" аҟны аԥсуа ԥҳәызба ароль хада налыгӡар сҭахуп ҳәа арежиссиор исыд…
  6. Oct 1, 2026Уарча ақыҭан афымцалашара аиԥҟьарақәа афымцацәаҳәа аԥхасҭахара иахҟьеит ҳәа Sputnik иазеиҭ…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →