Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа динамикала аҿиара иацырҵоит, ахада ҿыц Марат Камболов имаҵура данахагыла ашьҭахь ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр Владимир Делба.
"Ахәаахәҭра-економикатәи, асоциалтәи, акультуратәи усеицура аусхк аҟны азԥхьагәаҭақәеи аусмҩаԥгатәқәеи ыҟоуп. Ҳинтересқәа ахьеиқәшәо, иахьеиныруа азҵаарақәа маҷымкәа иҟоуп. Сара агәра ганы сыҟоуп, ари ахырхарҭала ԥхьаҟа ҳцалоит, хымԥада алҵшәа бзиақәа ҳауеит ҳәа", — иҳәеит иара Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла аинтервиу аҭо.
Делба иациҵеит Аԥсны анапхгара еснагь Аахыҵ Уаԥстәылатәи амчрақәеи дареи аизыҟазаашьа бзиақәа шрыбжьаз, агәрагара ааирыԥшит ԥхьаҟагьы ишьақәдыргылаз ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы атемп ишацҵахо азы.
#social
Post #21121
14