Мераб Ашәба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан 62-ҩык анышә иамеидеит.
Усҟан Аҟәа инхо Мераб, ақырҭуа еибашьцәа ирымпыҵархалаз ақалақь дзалымҵит. Мызқәак иара еснагь ашәарҭаратә ҭагылазаашьа иҭагылаз аморг аҿы аус иуан, аԥсуа еибашьцәа анышә рамадараҿ дыцхыраауан.
Аиҳарак арҭ анҵамҭақәа ирыбзоураны аибашьра ашьҭахь аморг аҿаԥхьа анышә иамадоу рхаҭара ашьақәыргылара, рыԥсыбаҩқәа рыуацәа рыҭара алыршахеит. Аха 11-ҩык рхаҭарақәа иахьа уажәраанӡагьы ишьақәыргыламкәа иаанхоит.
Мераб Ашәба излеиҳәо ала, ихигаз игәалаиршәар иҭахӡам. Аибашьра ашьҭахь раԥхьатәи шықәсыки бжаки-ҩышықәсеи арҭ ахҭысқәа ԥхыӡла ибон. Аха жәашықәсақәа рышьҭахь иара дақәшаҳаҭхеит ари аҭоурых арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Наала Мықәԥҳа лыцеиҩшара.
#social
Post #21117
27