TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #21115 25
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аиааира агара аныҳәа азгәарҭеит Гал.

Амш иалагеит иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. Амемориал аҿаԥхьа еизеит араион ашколқәа зегьы рҵаҩцәа абираҟқәеи ашәҭқәеи рыманы, аибашьра аветеранцәа, ахадара анапхгара, араионтә Еизара адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ақалақь ауааԥсыра ҳәа аанацҳауеит "Гал-Медиа".

Аныҳәа иацҵан араионтә культура аҩнаҿы. Араҟа имҩаԥысит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш иазкыз аконцерт.

"Ҳара ахаангьы иаҳхашҭуам аибашьра адәаҿы иҭахаз, аҩныҟа имхынҳәыз, зегь реиҳа зыхә ҳаракыз — зыԥсҭазаара Аԥсны ахақәиҭра иахҭнызҵаз, иахьа аҭынч жәҩан аҵаҟа ҳанхаларц азы", — ҳәа араион аветеранцәеи ауааԥсыреи дрыдныҳәалеит ахада Константин Ԥлиа.

Аныҳәа хыркәшахеит аестрада-фольклортә ансамбль "Мырзаҟан" аконцерт ала. Ахәаԥшцәа рзы игеит амилаҭтә ашәақәа, ицәырган акәашаратә номерқәа.

Аԥсны иахьа иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. Ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҿы аныҳәатәи агәалашәаратәи усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит.
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 1, 2026Уарча ақыҭан афымцалашара аиԥҟьарақәа афымцацәаҳәа аԥхасҭахара иахҟьеит ҳәа Sputnik иазеиҭ…
  2. Oct 1, 2026Abkhazia Rally аҿы аиԥхныҩларақәа 402 метра рыбжьоуп. Адрег-реисинг азы аицлабрақәа мҩаԥга…
  3. Oct 1, 2026Башкортосҭан Аҟәа аԥшаҳәа ариаҵәаратә хәҭаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хнаркәшеит. Башк…
  4. Oct 1, 2026Едгар Абыхәба 12 шықәса рҟынӡа аҭакра иқәшәар алшоит аԥсшьаҩы лышьразы ҳәа иҳәеит Апрокура…
  5. Oct 1, 2026Хганктәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргеит Аԥсны, Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рыдәныҟатәи аусқәа рм…
  6. Oct 1, 2026Бадра Гәынбеи Аахыҵ Уаԥстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Владимир Пухаеви еиԥылеит…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →