TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21151 33
Бадра Гәынбеи Аахыҵ Уаԥстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Владимир Пухаеви еиԥылеит.

Гәынба Марат Камболов адныҳәалара изицҳаит атәыла ахада инапынҵақәа рахь дахьнеиз азы, иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Пухаев Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азгәаҭара дахьалахәыз азы ҳәа аанацҳауеит ахада Иусбарҭа апресс-маҵзура.

"Ҳара ҳзы ари ныҳәа хадоуп, Аԥсны жәлар реихьӡара хада — Аиааира амш ауп. Убас ҭоурыхла ишьақәгылеит, Аахыҵ Уаԥстәыла ажәларгьы рхатә дгьыл аҿы, рхатәы ҳәынҭқарраҿы анхара азин иазыкәԥон. Иахьа ихьыԥшым ҳҳәынҭқаррақәа ҿиоит", — ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.

Аминистр адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит, уаҟа Марат Камболов иазгәеиҭеит аҩ-жәларык рыбжьара аиашьареи, аиҩызареи, аицхыраареи рҭоурыхтә еимадарақәа, иара убас иҳәеит Аԥсны ақәҿиарақәа дышрызгәдуу атәы.

Аахыҵ уаԥстәылатәи аԥыза Бадра Гәынбеи аԥсуа жәлар зегьи ирзеиӷьеишьеит аизҳазыӷьара, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аихьӡара ҿыцқәеи.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 11, 2026"Лыхнашҭа" — аԥсуа жәлар рҽаҩра иақәныҳәарц, аҿамаҿа агьама еибадырбарц имҩаԥырго ныҳәоуп…
  2. Oct 11, 2026Амилаҭтә спорт хәмаррақәа рҟны рхы ԥыршәоит аҽаҩраныҳәа "Лыхнашҭа" иалахәу. Ҷыдала — ахыци…
  3. Oct 11, 2026Ажәытәан аԥсуа џьыкҵәаҵәа аҳаҟьаҟны ишыҟарҵоз иҟасҵоит, — лҳәоит Дәрыԥшь ақыҭантәи аҽаҩран…
  4. Oct 11, 2026Ажьырӡы, амца, ашыла, нас ақалмышь. Ақалмышь аԥсуаа аныҳәақәа рзы аишәа иқәдыргыло ахаатә…
  5. Oct 11, 2026Лыхнашҭа — аҽаҩраныҳәа мацарам, аԥсуаа ҳатрадициатә культура ахкқәа зегьы раарԥшреи реихаҳ…
  6. Oct 11, 2026Иахьа зегь ҳаблақәа хоуп Лыхнашҭахь — абарақьаҭреи, аԥшӡареи, аԥсуареи рныҳәа ахьымҩаԥысуа…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →