Лыхнашҭа — аҽаҩраныҳәа мацарам, аԥсуаа ҳатрадициатә культура ахкқәа зегьы раарԥшреи реихаҳареи иазкуп иҳәеит Гәдоуҭа араион ахада Асҭамыр Аргәын.
Аҽаҩраныҳәа еиднакылоит еиуеиԥшым аҟазара злоу ашәаҳәаҩцәа, акәашаҩцәа, асасцәа рацәаҩны.
Аԥшәмацәа амилаҭтә маҭәа рышәҵаны асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа ирԥылеит, рчеиџьыка агьама ддырбоит, еиқәныҳәоит.
🖇 Аҽаҩраныҳәа аҭоурыхтә дәы Лыхнашҭа аҟны имҩаԥыргоит 1984 шықәса раахыс.
#social
Post #21426
25