Ажәлар рныҳәа Лыхнашҭа акыр шәышықәса ахыҵуеит, аԥсҳацәа рхаан ахы акхьан, даҽа хьӡыкгьы аманы ирдыруан, "Џаџа лыҭхаџьра" ҳәа. Хҭыс дуун, нхыҵ-аахыҵ асасцәа еизнагон. Абри иазку ажәабжь гәникылеит Мирод Гәажәба 1960 шықәсазы, Хәаԥ ақыҭа анхаҩы Нестор Ҳашыг иҳәамҭаны. Анаҩс акьыԥхь аҟны ицәыригеит, даара аинтерес аҵоуп, иааҳгоит ацыԥҵәаха:
"Нестор Ҳашыг излеиҳәаз ала, Аԥсҳа Аԥсны хыџьара атәарҭа иман — Очамчыра, Аҟәа, Лыхны. Есышықәса цәыббын мзазы Лыхны Аԥсҳа еиҿикаауан ажәлар рныҳәа "Џаџа лыҭхаџьра" захьӡыз. Аԥсҳа мызкы шыбжьоу аҳәҳәацәа Аԥсны еиԥш, Нхыҵ шьҭрала иаҳзааигәоу ашьхарыуаа рахьгьы идәықәиҵон, абригьы-абригьы амш аҽны саҳҭынра ашҭаҟны сыжәлар рныҳәа "Џаџа лыҭхаџьра мшы" имҩаԥысуа шәҽалашәырхә ҳәа.
Нестор излеиҳәаз ала, қыҭацыԥхьаӡа ақыҭа аԥызацәа рнапынҵала доусы рқыҭақәа рҟны аиҿкааратә усқәа мҩаԥыргон. Ақыҭақәа еицлабны ирымоу раарыхратә мышхәыбзазара кылыргон.
Аҽыҩқәа, аҽкәарқәа, аҽыхәмар бзиақәа, реиҳа зкьаԥа дуу ауаса-шьтәақәа, реиҳа зтәыҩа дуу аб-шьтәақәа, иреиҳау ацә-камбашьқәа ара иубон; хьшьыла ачашәацәа, ахыци ахәымпали рыла ацәҟьара аихсра, реиҳа иццакны ахәымџьарқәа зсуа ҳәа аҭыԥҳацәа реицлабра. Ара иҟан акалаҭхы иаҟароу ацқьашәқәа, бҟәылла акамбашь харҵәы, ашәчашә, ацхаршәы, реиҳа идуу аџьықәреи лапҟьақәа, аҳ изку ампахьшьқәа, ахәышҭаарамгьал, агәанмгьал (арҭ зегьы ишәымацаран), еиуеиԥшымыз арыжәтә жьырӡқәа.
Доусы рқыҭақәа ирыҵаркуа ашҭақәа иааинырслоу ақьалақәа рызҭагылан. Урҭ ашҭақәа ираԥшәымацәан рқыҭа иалԥшааз ҭаҳцәарак шынеибакәыз. Ҭаҳцәалатәи аԥшәмацәа раамҷыдарахаз ақыҭа иаиуоу аӡәгьы рыхьӡ зху рашҭа аԥшәымарахь дықәломызт. Ақыҭауаа зегьы ҽыхацәас рхы рыԥхьаӡон. Доусы рқыҭауаа рыҽшаны, рыгәқәа ззыҳәоз реицлабцәа реисарақәа ирхылаԥшуан. Шьоукы ацәҟьара иахьеихсуаз рхысцәа ирывагылан, ма рҽыҩқәа ирыцын, ма еиӷьу раб-шьтәақәа ахьеибадырбоз, ма рчашәацәа зҳәаз еиԥш, ирывагылан, ирыҵагылан. Аҳәсақәа ракәзар, аҭыԥҳацәа реицлабрақәа ирхагылан.
Ашьыбжь агәазы аҳ иҭааз исасцәа драԥхьагылан, "ақыҭақәа" зегьы дрылсны, рчеиџьыка агьама ибон, исасцәагьы идирбон. Аицлабрақәа зегьы аҳ ихан аԥхьа имҩаԥысуан. Иалкаахоз аҳ аҳамҭақәа рзишон. Ашәаҳәара, акәашара, ақьачақьра инаркны, ракака хкыс иҟоу зегь мҩаԥыргон. Аҵыхәтәаны иалкаахоз зегьы аухатәи агәырӷьаратә чара иалахәхон. Абас иҟаз аныҳәа мҩаԥыргон Аԥсҳа лыхнытәи иаҳҭынраҟны.
Лыхнашҭа аныҳәа — иахьа, XXI ашәышықәса ҳанҭоугьы, Аԥсны акультуратә ԥсҭазаараҿы акырзҵазкуа мшуп, ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы иааӡагоу, аԥсуаа ҳдоуҳатә малқәа рахь иаҵанакуеит.
📖 Аҽы́хацәа - араҟа: болельщики, группа поддержки
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа