TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #1844 560
Ахьыуардын Иҟоуп ашәа, иҟоуп ашәахә; иҟоуп ажәа, иҟоуп ажәахә; иҟоуп амца, иҟоуп амцахә. Еиҩыргозеи? Ҳахәаԥшып. Ажәахырҿиааратә елемент -хә иалкаау хьыӡҟақәак ирыцланы рҵакы арҭбаауеит, игәылнаршәоит, ма аҵак ҷыда рнаҭоит. Иаауеит иара "ахәы" / "ахәҭа" аҟынтә (доля…
🧩 Ажәахырҿиаара

Амшхәыбза́зара (благоденствие) — хԥаны еиҿышәшәоит ари ажәа: амш-хәы-бзазара, аха ҳагәылаԥшырц азы ҩаԥхьа еиҿаҳартәыроуп ҵакыла, ара иҟоу амшхәы + абзазара ауп. "Амшхә" — букв.: "доля благополучия", "анасыԥ" иасинонимуп, амацарагьы ахархәара амазар ҟалоит, абыргцәа ражәаҳәа иалоуп.

Ажәак ала иуҳәозар, насыԥла иҭәу аԥсҭазаара "амшхәыбзазара" ахьӡуп, мамзаргьы "абзабаа", "аӷьауӷьацара" — ахԥагьы аԥсышәа цқьоуп, ахԥагьы еидызкыло ҵакыс ирымоуп "аџьабаа зҩыда алҵшәа".

"Амш" аҵакы рацәа шьҭнахуеит аԥсшәаҿы, аха иҟоуп аҵак еиҭарсгьы аҵак иашагьы узеиҟәымҭхуа ианеилаҵәо. Иаҳҳәап, амшгьы амшрагьы еиқәшәоит андуцәа ирҿоу аҳәахьа "Сымш усҭааит!" аҟны.

Сан лҿабызшәа хаан, уажәы–уажәы ажәахаақәа иргәылкәкәон: "Сымш усҭааит! Иухьша сыхьааит! Укәырбан сцааит!" — иҩуан Баграт Шьынқәба.


#ажәахырҿиаара

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 12
  • ❤ 5
  • 🤗 3
  • 🙏 1
  • 😍 1
More from @apsua_sputnik
  1. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
  2. Oct 11, 2026Иахьа зегь ҳаблақәа хоуп Лыхнашҭахь — абарақьаҭреи, аԥшӡареи, аԥсуареи рныҳәа ахьымҩаԥысуа…
  3. Oct 8, 2026Ажьҭараамза — жьҭаган ҳҭоуп, аха уажәыгьы џьара-џьара ахьшәа лаҳақәа ахьҿоу уԥылоит. Аамҭа…
  4. Oct 2, 2026🤩 ГАГРА ҭагалантәи ашәахәа хаа ақәыҷҷа Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа, Иҿыпуеит иччо. Ихьшәа…
  5. Sep 30, 2026Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьы…
  6. Sep 30, 2026Ԥсра зқәым архәҭа Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҽны, цәыббра 30, 2026 шықәса Аиааира иациуеит…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →